Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит

CC0 / / Лампочка
Лампочка  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аграфик инақәыршәаны, алашара дырцәалоит уахыки-ҽнаки рыла хынтә.

АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Абҵара 15, 2020 шықәса инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит.

Асааҭ 01:00 раԥхьа алашара дырцәеит Гал араион, Тҟәарчал араион ахәҭак, Аҟәа мраҭашәаратәи ахәҭа, Аҟәа араион ахәҭак, Афон ҿыц, Гәдоуҭа араион мрагыларатәи ахәҭа.

Аграфик инақәыршәаны, алашара дырцәалоит уахыки-ҽнаки рыла хынтә.

Афымцамч изакәанымкәа зҽаԥызшьуа ахархәаҩцәа раарԥшразы агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа ирыцырҵаларц, анаҩс урҭ Аԥсны афымцамчтә система уаҳа аҽаԥшьра рылымшартә еиԥш иаҿырхларц азы.

"Амшынеиқәафымцамч" адиректора хада Михаил Логәуа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны афымцалашаразы апроблема ҟалоит Урыстәылантәи афымца аашьҭра ашьҭахьгьы ҳәа.

Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла, Аԥсны афымцацәаҳәақәа ажәит, рҭагылазаашьа нагарҭа амамкәа ибааԥсуп, арахь афымцамч ахархәара есышықәса иацлоит 5-9% рыла, уи иахҟьаны уажәы иҟоу амчхара азхом иахьатәи аамҭазы ахархәара змоу афымцалашаразгьы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0