Аҟәа ахәҭак абҵара 20 рзы ӡыда иаанхот

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтно-восстановительные работы водоканала
Ремонтно-восстановительные работы водоканала - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәымсҭатәи амассив аҿы аӡымҩангага аремонт азыруеит абҵара 20 рзы.

АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Абҵара 20 асааҭ 05:00 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аӡынашьҭра аанкылахоит: Араион ҿыц, Ажәытә ҳабла, Колос, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ. Ақалақь агәаҿы аҩнеихагылақәа рҟны аӡы халом.

Гәымсҭатәи амассив, Ешератәи амҩа, I абжьаларҭа, аҩ. 5 аҿы аӡымҩангага аремонт азыруеит абҵара 20 рзы, убри инадҳәаланы аӡынашьҭра аанкылахоит.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" аҟны Sputnik ишазеиҭарҳәахьоу ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0