Ҵахнакьиа: COVID-19 змоу апациентцәа рзы 530 ҭыԥ рхиоуп Аԥсны

© Sputnik Тимур Батыршин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГородская клиническая инфекционная больница
Городская клиническая инфекционная больница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
COVID-19 зыдбало апациентцәа рзы аиара-ҭыԥ цҵақәа аԥснытәи араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы еиҿкаауп Атәыла ахада иусдҵала.

АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Аԥсны ахы-аҵыхәа иахьаҵанакуа COVID-19 змоу апациентцәа рзы 530 ҭыԥ рхиоуп, арҭ аиара-ҭыԥ цҵақәа ҳазхоит, избан акәзар ахәышәтәырҭақәа ирыдҵаало ауааԥсыра рхыԥхьаӡара еиҵахеит иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсны акоронавирус аплато ахь ицәырҵит

COVID-19 зыдбало апациентцәа рзы егьырҭ ахәышәтәырҭақәа рҟны иаԥҵаз аиара-ҭыԥ цҵақәа акырӡа гәдоуҭатәи агоспиталь иацхрааит, иҳәеит аминистр.

Акоронавирус зцәа иалоу апациентцәа рзы аиара-ҭыԥ цҵақәа аԥснытәи араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы еиҿкаауп Атәыла ахада иусдҵала.

"Аиара-ҭыԥ цҵақәа аартын ареспублика ахәышәтәырҭақәа реиҳарак рҟны. Апациентцәа аҭыԥан ироуан иахәҭаз ацхыраара, ицхыраагӡахеит амедицинатә усҳәарҭақәа русураҿы", -  иҳәеит иара.

Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит, зҭагылазаашьа хьанҭоу ачымазцәа гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ишырышьҭуа, уаҟа еиҳа иманшәалоуп ас еиԥш иҟоу апациентцәа рыхәышәтәра.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр иҳәеит, раԥхьа гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ишеиҿкааз аковид-чымазцәа рзы 240 аиара-ҭыԥ, 45 ҭыԥ аинфекциатә корпус иатәын, урҭ рахьтә 20 ҭыԥ ареаниамациатә ҟәша.

"Жьҭаарамзазы Аԥсны иазгәаҭан аҿкычымазара зыдбало рхыԥхьаӡара аизҳара. Ахәышәтәырҭақәа рахь инаргон зҭагылазаашьа бааԥсызи ибжьаратәызи апациентцәа. 80% ачымазцәа рзы ихымԥадан аҵәыҵәри ала ацхыраара рыҭара", - иҳәеит аминистр.

Общественный транспорт  - Sputnik Аҧсны
Ҵахнакьиа: акоронавирус иахҟьаны аԥкрақәа ирыцҵахоит абҵара 24 рышьҭахь

Абҵара 22 адыррақәа рыла гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ишьҭоуп 78-ҩык, урҭ рахьтә рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 28-ҩык апациентцәа, урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҟны 36-ҩык.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5380-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3616-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 68-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0