Аԥсны аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2021 шықәса аусутә мзар

© Sputnik / Томас ТхайцукКалендарь
Календарь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2021 шықәса рзы Аԥсны 119 ԥсшьарамши 246 усуратә мши ҟалоит.

АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аԥсны аминистрцәа реилазаара абҵара 25 рзы аминистрцәа реилатәараҿы 2021 шықәсазтәи амзар шьақәнарӷәӷәеит.
Адокумент Аиҳабыра рсаит аҿы икьыԥхьуп.

Аныҳәамшқәеи аԥсшьарамшқәеи реиқәшәараан аԥсшьарамшқәа ииагахоит:

  • Ажьырныҳәа 2 (асабша) - ажьырныҳәа 4 (ашәахьа) ахь
  • Лаҵара 1 (асабша) - лаҵара 3 (ашәахьа) ахь
  • Лаҵара 9 (амҽыша) – лаҵара 10 (ашәахьа) ахь
  • Лаҵара 23 (амҽыша) – лаҵара 24 (ашәахьа) ахь
  • Нанҳәа 28 (асабша) - нанҳәа 30 (ашәахьа) ахь.

Аныҳәамшқәеи аусутә мшқәеи ирманшәаланы ахархәаразы аҩаша, ажьырныҳәа 5 ииагоуп асабша, ажьырныҳәа 16 рахь.

Амшаԥымш амҽыша, лаҵара 2 иахьақәшәо азы  аҩаша, лаҵара 4 усуратә мшымкәа ишьоуп.

2021 шықәса рзы Аԥсны 119 ԥсшьарамши 246 усуратә мши ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0