"Ҿыцымҭала ацәажәашьа сҵеит": зылшарақәа ԥку Алхас Амԥар иҭоурых

© Foto / предоставлено Джани Чан-оглыСборная Абхазии инвалидов-ампутантов по футболу в Турции
Сборная Абхазии инвалидов-ампутантов по футболу в Турции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Махашьахала зылшарақәа ԥку рымш азгәарҭоит ԥхынҷкәын 3 рзы. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу, аҩбатәи агәыԥ аинвалид, Аԥснытәи Еизгоу аинвалидцәа ампутантцәа ршьапылампылтә команда амбахьчаҩ Алхас Амԥар иҭоурых шәыдаагалоит.

Алхас Амԥар 17 шықәса ракәын ихыҵуаз иашьцәеи иҩызцәеи дрыцны иԥсадгьыл ахьчара даназгыла. Ажәыларақәа жәпакы рҿы гәымшәарыла ихы ааирԥшуан. Аҵыхәтәантәи, Аҟәа агаразы аҽазышәара анымҩаԥыргоз Алхас аӷа ихымца иарӷьа жәҩеи имгәеи ирықәшәоит. Уи нахыс арԥыс иарӷьанапы имыхәо иалагоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ишырҳәо еиԥш арыцҳара ахала иааӡом. Аибашьра ашьҭахь шықәсык ааҵуаны, Алхас Пицунда чарак аҟны дшыҟаз, аҭаца лаагараан ахысра ианалага ахы ихәда иақәшәоит, дзымцәажәо даанхоит.

"Сарӷьа напы аус ахьамуаз гәнызгон изызӡари, сыбжауаҩны схы сыԥхьаӡон, ҿымҭӡакәа сгәырҩон. Аха сзымцәажәо саналага уи еиҳагьы еицәахеит. Ашкол аҿы аԥсшәа арҵаҩыс аус зуаз санду Вера Мархолиаԥҳа хәышықәса аҩны дааны ҿыц ацәажәашьа слырҵон. Ақәыԥшра аамҭа иҭагылоу изы еиҳагьы иуадаҩызшәа сгәы иаанагоит аинвалидра. Усҟан акалашәа ухы уацклаԥшыр ануҭаху, аԥҳәызбацәа уанреиҽырбо абас агра ануоулак аԥсҭазаара агьама ацәыӡуеит. Сара разҟны исыԥхьаӡоит убарҭ аамҭақәа раан исыцеибашьуаз сҩызцәа сааигәа иахьыҟаз, сгәы ахьдырӷәӷәаз, схы агәрагара ахьсырҭаз, насгьы Анцәа иахь исымаз ахаҵара ахьысцәымӡаз", - илахьынҵа далацәажәоит Алхас Амԥар.

© Foto / Саида ЖьиԥҳаАлхас Амԥар
Ҿыцымҭала ацәажәашьа сҵеит: зылшарақәа ԥку Алхас Амԥар иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Алхас Амԥар

Ахәрақәа рышьҭахь бжьышықәса ааҵуаны, Алхас иҭагылазаашьа данашьцыла, ихьаақәа анеиқәтәа, маҷк ацәажәарагьы даналага уск иҽазикарц иӡбоит. Азнык азы аинвалид изымариамызт аилазаараҟны ашьақәгылара, аха аҩны атәарагьы уаҳа илшомызт. Алхас дрыдыркылоит обиектк аҟны ахьчаҩс, уи ашьҭахь Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура ажәабатәи аҟәшахьы диасуеит. Уаҟа жәашықәса иуалԥшьақәа наигӡон.

"Уамашәа ижәбаргьы, ажәабатәи аҟәшаҟынтә санца аусура салагеит Пицундатәи абжьаратә школ №1 аҟны аҩбарҵәыра арҵаҩыс. Ари инапы ихәом, ахәыҷқәа идирҵозеи ҳәа аӡәызаҵәык исзыимҳәеит. Дара аҵаҩцәа ракәзаргьы, сыбжьы ҭыганы сызцәажәом азы аҭынчра аԥҵаны ирасҳәоз зегьы гәныркылон", - иажәа иациҵоит Алхас.

15 шықәса раԥхьа, Алхас Амԥар Пицунда аинвалидцәа-ампутантцәа ршьапылампылтә турнир шымҩаԥысуаз машәыршәа ибеит. Убасҟан игәы ҿнакааит алаба зҽанҵаны зызшьапык ала ампыл иасуаз ауаа аниба. Иара иеиԥш зымаха-зышьаха еибгамыз ахацәа аԥсҭазаарахь ирымаз агәазыҳәара даршанхеит. Иагьиҭаххеит хаҭала рыцхәмарра.

"Аинвалидцәа-ампутантцәа ршьапылампылтә команда азыҟаҵаҩ Џьамал Барцыц, иара уи аамҭазы Афедерациагьы дахагылан сыгәҭакы аниасҳәа, мап сцәыимкит. Амала сгәы сҽаниҵеит дара рыԥҟарақәа рыла зызшьапык змам иоуп ампыл иасуа, зшьапқәа еибгоу, аха зызнапык хҵәоу, мамзаргьы измыхәо амбаҿы ддыргылоит ҳәа. Ажәакала сақәшаҳаҭхеит", - аспорт ду ахь дшиасыз игәалашәоит Алхас.

© Foto / предоставлено Джани Чан-оглыСборная Абхазии инвалидов-ампутантов по футболу в Москве
Ҿыцымҭала ацәажәашьа сҵеит: зылшарақәа ԥку Алхас Амԥар иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Сборная Абхазии инвалидов-ампутантов по футболу в Москве

Аинвалидцәа-ампутантцәа Аԥснытәи еизгоу ршьапылампылтә команда дацны Алхас Амԥар жәларбжьаратәи атурнир далахәын Грозныи ақалақь. Уа ихәмаруаз жә-командак рахьтә дара ахәбатәи аҭыԥ ааныркылеит. Шықәсык зны Аԥсны еиҿкааз атурнир аҟны ахԥатәи аҭыԥ ианаԥсаха аҳәынҭқарра ҳамҭас алшара рырҭеит Ҭырқәтәыла, Сҭампыл ақалақь рымԥсшьарамшқәа рхыргарц.

"Сҭампылтәи ҳамшқәа исхамшҭуа ахҭысқәа рыла иҭәын. Ҳџьынџьуаа есыҽны аԥсуа қыҭақәа рахь ааԥхьара ҳарҭон. Дареи ҳареи ҳгәы иҭалаз аԥхарра иахьагьы исыцуп", - игәалашәоит иара.

15 шықәса раԥхьа Аԥснытәи еизгоу аинвалидцәа-ампутантцәа ршьапылампылтә команда 20-ҩык ахәмарыҩцәа рыла ишьақәгылазҭгьы, иахьа рхыԥхьаӡара жәаҩыкгьы ыҟам. Аӡәырҩы аибашьраҿы ироуз ахәрақәа ирхырҟьаны адунеи рыԥсаххьеит, егьырҭ рықәрақәа цеит. Изылшоны иҟоу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит, аха иахьазы апандемиа иахҟьаны аҩны иҟоуп.

© Фото предоставлено Джани Чан-оглыСборная Абхазии инвалидов-ампутантов по футболу в Турции
Ҿыцымҭала ацәажәашьа сҵеит: зылшарақәа ԥку Алхас Амԥар иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Сборная Абхазии инвалидов-ампутантов по футболу в Турции

Алхас Амԥар иарӷьанапы ахьимыхәоз, насгьы дахьзымцәажәоз иразҟы ианыԥшыр ҳәа дацәшәон. Аха ишырҳәо еиԥш алахьынҵа узацәцом, 18 шықәса раԥхьа Алхас Амԥар иԥсҭазаара ицеиҩылшоит Гәдоуҭатәи аҭыԥҳа, аҳақьым Ирма Барцыцԥҳа.

"Ԥсуаҵас иахьысҳәо ԥшӡам, аха Барцыцԥҳа дарӷьажәҩаны дансывагыла ҿыцымҭала сизшәа схы збеит. Лара сыграқәа зегьы анлыдылкыла, урҭ иҟамшәагьы сҟалеит. Есыҽны анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит сыԥсҭазаара ахьааирҳәыз, хҩык ахәыҷқәа сахьрабхаз", - инасыԥ далацәажәоит иара.

Алхас иԥшәмаԥҳәыси иареи аԥеи, ҩыџьа аԥҳацәеи рааӡоит. Ирма Барцыцԥҳа Гагра араион дыззымдыруа дыҟамзар ҟалап. Лара аус луоит араионтә хәшәтәырҭаҿы акардиологс.

Алхас иҭаацәа дрыхӡыӡаауеит. Иԥшәмаԥҳәыс ҳаҭыр лықәиҵоит. Ииашацәҟьаны аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы аламала иуԥылаӡом ахаҵа иԥҳәыс аусура дышьҭны, иара ахәыҷқәа дрыдтәало. Ҳәоуеиқәшәарыла реицынхара иабзоуроуп, Алхас иахьа игәабзиара дахьахамшшаауа. Ибжьы акәзаргьы, ишьцылахьоу уи шыцқьам рызгәаҭаӡом.

Аҭагылазаашьа ихы иархәаны, Алхас аинвалидра змоу ауаа ргәы кармыжьарц, агәрагара рцәымӡарц, ԥхьаҟа ицаларц рабжьеигоит ихатәы ԥышәа гәаҭаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0