Абираҟ амца аркреи абџьар аҵәахреи рзы Гал ауаҩԥсы ашьауӷа иқәҵоуп

© SputnikНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион инхо Иракли Бебуа Гал Акультура ахан аҿаԥхьа икнаҳаз Аԥсны абираҟ аԥшшәқәа символра рзызуаз аш (полотно-аред.) Аиааира амш аҽны, цәыббра 30 рзы амца ацреиҵеит. Иганахьала ашьаус хацыркын.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гал Акультура ахан аҿаԥхьа икнаҳаз Аԥсны абираҟ аԥшшәқәа символра рзызуаз аш амца ацразҵаз Иракли Бебуа иус ӡбан. Иара ҭакрыла жә-шықәса ихгара иқәырҵеит, иара убас 10 нызқьмааҭ ахараԥсеи. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Галтәи араионтә ӡбарҭаҿ.

Бебуа иганахь ала аусӡбара мҩаԥысуан ԥхынҷкәын 7 рзы. Иракли Бебуа х-хәҭаҷк рыҵакрала иус ӡбан: закәаншьаҭада абџьар аҵәахра; Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟи агерби рцәа аԥҽра; аҳәынҭқарратә мазара аԥхасҭатәра рзы.

Иракли Бебуа жә-шықәса азеиԥш режимтә колониаҿы ихигараны дыҟоуп. Иара макьаназы Гал аамҭалатәи абахҭаҿы дҭакуп. Аӡбамҭа азинмч аиуеит жәамш рышьҭахь. Бебуа абри аамҭала азин имоуп аӡбамҭа дахашшаарц.

Гал араион инхо Иракли Бебуа Гал Акультура ахан аҿаԥхьа икнаҳаз Аԥсны абираҟ аԥшшәқәа символра рзызуаз аш (полотно-аред.) Аиааира амш аҽны, цәыббра 30 рзы амца ацреиҵеит. Иганахьала ашьаус хацыркын. Бебуа дахьынхоз имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан ирбеит аграната РГ-42.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0