Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы аԥсыӡкра азин аҟамзаара аҿҳәара аҽа мчыбжьык инахоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРыбалка
Рыбалка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыра 390 метр ԥшьыркца иҟоуп, Урыстәыла Нхыҵ Кавказтәи амилаҭтә паркқәа Рассоциациа иалахәылоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Аҳауаԥхарра инадҳәаланы аԥсыӡ зегьы аӡы иҭымҵыц, итоԥуеит. Убри азы Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы аԥсыӡкра азин аҟамзаара аҿҳәара аҽа мчыбжьык инахоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк абнахьчаҩ хада Ҭенгиз Џьергьениа.

Уаанӡа аԥсыӡ акра азин аҟамзаара ԥхынҷкәын жәабанӡа ҳәа ишьақәыргылан.

Тенгиз Джергения - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьергьениа еиҭеиҳәеит Риҵа аԥсыӡкра азин аҟамзаара аҿҳәара ацҵара зыхҟьаз

"Аԥсыӡкра абзиабаҩцәа ҳаӡбра иақәшаҳаҭуп. Аӡбра ҿыц атәы ззымдыруаз аннеиуазгьы ыҟан, аха апарк аҭаларҭаҿы аҭагылазаашьа анырзеиҭаҳҳәалак цәажәара ахылҿиаауамызт. Иааидкыланы аԥсыӡ тоԥраан еилагарак азгәаҳамҭеит", - ҳәа иҳәоит Џьергьениа.

Аҭагылазаашьа ахәшьара аҭо абнахьчаҩ хада иҳәеит ҵыԥх амлагәыр ахьтоԥуаз 26 ҭыԥ ыҟазҭгьы, сынтәа 15 ракәын иҟаз.

Иара игәаанагарала амшын аҟны аԥсыӡ акаҭақәа рыла иркуеит азы дара аӡы иацхалоит. Ари Аԥсны аӡиасқәа зегьы рҿы иазгәаҭоуп.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны 1996 шықәсазы иаҧҵоуп. Амилаҭтә парк ахи-аҵыхәеи 390 километр ԥшьыркца аҵанакуеит.

Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа ирыҵаркуеит – Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥшара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ аиҩхаара, аӡхыҽҽарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0