Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: агареи агарашәеи рҵаки иахьатәи рхархәашьеи

© Sputnik / Саида ЖибаАԥсуа Агара
Аԥсуа Агара  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьагьы аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны еиқәырханы ирымоуп абиԥарақәа зааӡахьо ажәытәтәи аԥсуа гарақәа. Аиқәырхара адагьы, асаби дгараҵаны дзааӡогьы макьана иуԥылоит. Агареи агарашәеи традициала рхархәашьеи урҭ ирыдҳәалоу ақьабзқәеи ртәы дазааҭгылоит афольклорист Есма Ҭодуа.

Агараҵара

Ишаԥу ала аԥшқа данилак нахыс ҩышықәса ихыҵаанӡа агара дгарарҵоит. Аԥсуа гара аиҿартәышьа ахәыҷы игәабзиареи ицәа аҭынчреи азы иманшәалан иҟаҵан. Иахьагьы аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны еиқәырханы ирымоуп абиԥарақәа зааӡахьо ажәытәтәи аԥсуа гарақәа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Џьырхәа ақыҭан аекспедициаан ҳаҟазаараан Гәында Еныкь-Габниа иаҳлырбеит, иагьаҳзеиҭалҳәеит рыҩнаҭаҿы абиԥарақәа рацәаны изааӡахьо агара аҭоурых.

"Ари агара ҩышә шықәса рҟынӡа ахыҵуеит, сабхәагьы уи иабгьы абри агара иааӡахьан. Саргьы ахшара ансоу, абри агара ҳаҳәшьа ду лҿы иҟан, исзаалгеит, абри агара алоуп саргьы схәыҷқәа шысааӡаз. Исгәалашәоит, агара анааргаз аҽны ахәыҷы дырныҳәон, аиҳабы. Аныҳәаҩ, Арда Смыр-Габниа лакәын, лара лықәрахь днеихьан са схәыҷы данылныҳәоз, аха дныҳәаны, ахәыҷы дгараҵаны, абри агара лыманы, лхала ишьҭыхны аҩны ихәнылгеит, аӡәы длыцхрааргьы лмуӡеит, иныҳәо иоуп ихазгалаша ҳәа", – илгәалалыршәоит лара.

© Sputnik Гунда Еныкь-Габниа200 шықәса зхыҵуа Габниаа рабиԥарақәа акыр зааӡахьоу аԥсуа гара
Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: агареи агарашәеи рҵаки иахьатәи рхархәашьеи - Sputnik Аҧсны
200 шықәса зхыҵуа Габниаа рабиԥарақәа акыр зааӡахьоу аԥсуа гара

 

Ахәыҷы данилак агареи агарамаҭәахәқәеи ҳамҭас иаазго анду (аӡӷаб лан) лоуп. Ажәытәан ашыц рҩаны иҟаҵаны агәабан хәыҷ иҭаҵаны иҟарҵон. Ахәыҷы ихы ахҵаршә аҵарҵон. Абырфын хыза хәыҷи абамбазиатә қәыршәи рыла идырхион.

Џьырхәатәи ашкол аҟны ажәытә аԥсуа напкымҭақәа руада - Sputnik Аҧсны
Агара, напылақәҵара ампахьшьқәа, акыдыршәылақәа: џьырхәатәи ажәытәра аҭынха

"Уажәы ахәыҷқәа иаҳа ахақәиҭра рымоуп, ишааиз еиларҳәоит, еиларцоит. Усҟан, ахәыҷы диашахәҵәаӡа дҟаларазы, насгьы ицәа ҭынчзарц азы ишьапқәа, инапқәа риашаны, дырхханы дҿарҳәон. Агәабанҭаршә аҿы акылҵәара ҟарҵон, уа акалам арҭон. Наҟ-ааҟ алабақәа идҵаны иҿарҳәон", – ҳәа азгәалҭоит Гәында Еныкь–Габниа.

Иазгәаҭатәуп, ахәыҷы алаԥш имкырц азы агара ишарҭоз икылҟьаны иҟаз ахаҳә шкәакәа, амыдаӷьцәа. Иара убас аҳәымсаг хәыҷ иҵаҵан иҟарҵон.

Ахәыҷы "адәныҟа" ҳәа иныҳәара анаҩсгьы имҩаԥыргон аныҳәара "Анцәа" ҳәа. Уи мҩаԥыргон ахәыҷы гәамбзиарак анышьҭикаалак, иԥырхагахо даныҟалалак. Усҟан, дыӡӷабзар, ахәажәқәа ҟаҵаны дырныҳәон, дыҷкәынзар – ақыжә ала дырныҳәон, ацәашьы ԥшӡа ҟаҵаны.

© Foto / Предоставлено Абхазским государственным музеемАԥсуа гара. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҭыхымҭа
Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: агареи агарашәеи рҵаки иахьатәи рхархәашьеи - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа гара. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҭыхымҭа

Агарашәақәа рыҽшырԥсахуаз

Аԥсуа фольклор аҿы иахьанӡа еиқәхаз агарашәақәа хыԥхьаӡарала ирацәам. Ажәытәӡатәи агарашәақәа амифологиатә дунеихәаԥшра ргәылубаауа иҟоуп. Агарашәа ахәыҷы иааӡара иузаҟәымҭхо акоуп. Агарашәала ахәыҷы дзакәхаша, дызусҭхаша ргәазыҳәара рҳәон.

Аԥсуа Агара - Sputnik Аҧсны
Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: Зарина Коӷониа агаразы лгәаанагара

Агарашәа аԥсуаа рҭоурыхтә мҩа аныԥшуеит. Ганкахьала, агарашәа аҵакы аилкаара уадаҩны, џьара-џьара аҭәҳәа аформа иазааигәаны иҟазҭгьы, даҽа ганкахьала уи ианыԥшуеит ажәлар рсоциал-економикатә ԥсҭазаараҿы иарбан хырхарҭоу иаҳа хадара ззыруа атәы. Иаҳҳәап, аԥсуаа хныҟәгага хадас ашәарыцара анрымаз ахәыҷы иԥеиԥшгьы уи акәын издырҳәалоз, агарашәагьы уи аанарԥшуан: "Рабнацәа игәуп, рабнацәа ицәоуп, раӡыкәты ԥсары-ԥсары, рабынкәты бзары-бзары".

Иаҳа ихьшәаны иҿиаз агарашәақәа рҿы ан лхәыҷы лхы иқәкноуп ишылҳәо, аиҳаркгьы уи идылкылоз афырхаҵара акәын, дыхьчаҩны дҟаларц: "Нарҭаа ршьамхы ушьамххап, Нарҭаа ргәаҵәа угәаҵәахап…" уҳәа реиԥш иҟоу ацәаҳәақәа злаз агарашәақәа аԥырҵон, аҭоурыхтә фырхацәа рыхьӡқәа злаз, убарҭ дреиԥшханы дҟаларц азы. Амҳаџьырра ашықәсқәа рзы уи алахьеиқәра аныԥшуан ("Амҳаџьыраа ргарашәа"). Ааскьатәиқәа рҿы ирыларҵо иалагеит алахтра, аҵара иазку ажәақәа.

Агарашәақәа рҟны иуԥылоит аиумор злоугьы, ажьжьагақәагьы, иара убас ажәамаанала иаԥҵоугьы. Ахәыҷы шаҟа иаҳауа аҟара ихшыҩ ҵархоит, дгәеилгахоит, идырра бзиахоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Убри аҟнытә агарашәа ахәыҷы раԥхьатәи ишықәсқәа рҿы аҵакы ҳаракуп. Аамҭахҵәахацыԥхьаӡа аԥсҭазаара иара иақәшәоз агарашәақәа аԥырҵозар, иарбан гарашәоу ирзаҳҳәаша уаҵәы ииуа аҭоурых ишьақәнаргылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0