COVID-19 змоу рзы Пицунда ҽынлатәи астационар аадыртит

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицунда ҽынлатәи астационар COVID-19 змоу рзы иаадыртит. Арахь инеир алшоит ибжьаратәуи ицәгьами аҭагылазаашьа змоу. Дара ара апроцедурақәа ирхысыр ҟалоит. Уажәазы 12 иараҭыԥ амоуп, аха иалшоит 20 иараҭыԥ рҟынӡа арҭбаара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Пицунда ԥхынҷкәын 28 рзы ҽынлатәи астационар аадыртит COVID-19 змоу рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Савели Серетиди.

"Раԥхьатәи апациентцәа ҳадаҳкылахьеит. Шьыжьнаҵы хәҩык ҳадҵаалеит. Макьаназы зегьы ирыздырам, апроцедурақәа рзы Гагратәи ахәышәтәырҭахь иныҟәоит. Аха аҭел иаҳзасуа рацәаҩуп", - ҳәа иҳәеит Серетиди.

Серетиди иҳәеит астационар аус шауло есыҽны асааҭ 9:00 - 16:00 рзы. Аԥхьанатә асааҭ 17.00 рҟынӡа ҳәа иазыԥхьаӡан, аха арзҩыдаратә усурақәа инарыдҳәаланы асеиԥш аграфик шьақәыргылан. Иара аратәи ахәыштәырҭа аҩбатәи аихагылаҿы иҟалоит, 12 иараҭыԥ рхиоуп, аха 20 рҟынӡа арҭбаара алшоит. Арахь инеир алшоит ибжьаратәуи иласуи аҭагылазаашьа змоу. Дара ара апроцедурақәа ирхысыр ҟалоит.

Городская клиническая инфекционная больница - Sputnik Аҧсны
COVID-19 змоу рзы ҽынлатәи астационар аадыртуеит Пицунда

"Астационар аҿы ҩыџьа-ҩыџьа амедиаҳәшьцәа аус рулоит. Агәабзиарахьчара аминистрраҟынтәи ахархәага ҷыдақәа, арзҩыдагақәа аарышьҭит, Гагрантә - ахьчагатә шәҵа. Аусуразы зегь рыла ҳаиқәшәоуп", - ҳәа иҳәеит аҳақьым хада.

Арахь иааиуа рхатә хәшәы рымазароуп.

Астационар аусура алагара аламҭалаз иԥсахын афымцатә цәаҳәақәа, иқәыргылан арԥхагақәа, Аҟәантәи акварц лампақәа раагара иазыԥшуп.

Уаанӡа, аҵыхәтәантәи аҩымз рыҩнуҵҟа Пицунда ауааԥсыра рыбжьара акоронавирус зцәа иалоу ауаа рацәаҩхеит ҳәа иҳәахьан аҳақьым хада.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0