Риҵа аӡиа азааигәа абнараҿы иӡыз атурист деибганы дыԥшаауп

© Sputnik / Томас ТхайцукОзеро Рица
Озеро Рица  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 3 рзы, ахәылбыҽха Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь адырра ҟаҵан дшыӡыз атурист Риҵа аԥшырҭатә ҭыԥ иахьаԥну абнараҟны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 4-Sputnik. Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа деибганы дрыԥшааит ашьхараҿы иҟьалаз Воронежнтәи атурист Борис Андреев, амҽыша ҵхабжьон. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.

Аԥшаарақәа мҩаԥыргон гагратәи аиқәырхаратә-аԥшааратә гәыԥ. Атурист данырԥшаа ашьҭахь ақалақь ахь дааргеит.

Ажьырныҳәа 2 рзы гагратәи аиқәырхаратә-аԥшааратә гәыԥ дрыԥшааит Мамзышьха ашьхараҿы иӡыз Москва инхо Сергеи Краходкин.

Аԥсны АҶА ҳтәыла асасцәа рахь аҳәара ҟарҵоит рхы гәарҭаларц, иаԥҵоу ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0