Аԥсны АҶА аҟазауаа Гагра араион аҟны абнараҿы амца арцәаразы ицеит

© Sputnik / Игорь Агеенко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПриродные пожары в Амурской области
Природные пожары в Амурской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҟны ашьхара иахьаԥну амца акит ашьыжь, ажьырныҳәа 6 рзы. Уаанӡа Гал араион аҿгьы абнарақәа амца ркын.

АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны АҶА аҟазауаа Гагра араион аҟны абнараҿы амца арцәаразы ицеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Роман Лабиа.

Практическая тренировка по отработке действий при возникновении лесного пожара в Новосибирской области - Sputnik Аҧсны
Гал араион абнарақәа ҩаԥхьа амца ркит

Иара иажәақәа рыла, Гагра араион аҿы иҟалаз амцакра амҽхак макьана еилкаам. Ажьырныҳәа 6 ахәылбыҽха еилкаахоит иҳәеит.

Лабиа иазгәеиҭеит ажьырныҳәа 6 ашьыжь азы уаҳа џьарантә абылрақәа рзы аинформациа шырмоухьоу. Ахәылбыҽха, ажьырныҳәа 5 рзы Гал араион аҿы амца аанкылара рылшеит.

АҶА апресс-маӡаныҟәгаҩ излеиҳәаз ала, амцарцәара иаҿу аминистрра аппарат хадеи араионтә ҟәшақәеи рҟазауаа заҵәык роуп.

"Проблема хадас иҟоу амца ахьакыз аҭыԥқәа реиҳара рҟынӡа анеира ахьыуадаҩу ауп. Амцарцәаҩцәа еиҳарак напышьашәала амца иаҿагылоуп. Ақәа анлеилак аҭагылазаашьа ҭышәынтәалап ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит иара.

Лабиа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны араионқәа рҟны абнарақәа амца ахьыркыз ауаҩытәыҩса иоуп изхароу ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0