Аепидемиа иалагеижьҭеи акоронавирус зцәа иалаз 140-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит Аԥсны

© Sputnik / Кирилл Шипицин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИркутский госпиталь ветеранов войн перепрофилируют в инфекционный
Иркутский госпиталь ветеранов войн перепрофилируют в инфекционный - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 543-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 148-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 8– Sputnik. Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы рыԥсҭазаара иалҵхьеит 140-ҩык, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ажьырныҳәа 6 инаркны акоронавирус ззышьақәырӷәӷәаз апациентцәа ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Центр НМИЦ здоровья детей Минздрава РФ, где проходят лечение дети с COVID-19  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ахәышәтәра аиҭакрақәа аланагалеит

Ажьырныҳәа 6 рзы, гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны дыԥсит 1949 шықәса рзы ииз апациент. Ажьырныҳәа 7 рзы аҟәатәи аҿкычымазаратә хәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара далҵит 64 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Дара ирзышьақәырӷәӷәан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц".

Ажьырныҳәа 6 рзы амобилтә госпиталь аҟны адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", зыхәышәтәра хьанҭаз ачымазара хада "ҩ-ганктәи ихьанҭоу аполисегментартә гәыҵәкра" ззышьақәырӷәӷәаз ҩыџьа аҳәса рыԥсҭазаара иалҵит, 1943, 1936 шықәсқәа рзы ииз.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 89-ҩык, урҭ рахьтә 74-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 19-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 15-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 30-ҩык. Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 43-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 9613-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 7224-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0