АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Илеиз ақәа иабзоураны Аԥсны абнабылрақәа зегьы ыцәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Роман Лабиа.
"Излагаз ақәоура иабзоураны абнараҿы амца ыцәеит. Аминистр излеиҳәахьаз ала, аҭагылазаашьа хылаԥшра ауҭартә иҟан. Иахьа Очамчыра араион аҿгьы амца ахьакыз ҟалеит, аха уигьы ырцәоуп. Амца зкыз абнара аҵакыра шаҟа ыҟоу макьана аҵыхәтәанынӡа еилкаам", - иҳәеит Лабиа.
Аԥсны абнарақәа амца ркит ԥхынҷкәын аҩбатәи азбжа инаркны. Мчыбжьқәак ирылагӡаны АҶА аусзуҩцәа амца иаҿагылан атәыла араионқәа зегьы рҿы. Аҭагылазаашьа хаҭала хылаԥшра аиҭон ахада Аслан Бжьаниа.
Ажьырныҳәа 4 инаркны ажьырныҳәа 10 шьыжьынӡа Гагра араион аҿы абнарақәа амца ркын. Еиҳарак аҭагылазаашьа уадаҩын асанатори "Москва" азааигәара, амца лбааит ареспубликатә трассахь, уи амшала ахаҳә леит. Амцарцәаҩцәа уахи-ҽни иҷаԥшьон ахатәы ҩнқәа рахь амца мыиасырц азы.