Аԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСовещание руководителя администрации президента по эпидситуации и энергетике
Совещание руководителя администрации президента по эпидситуации и энергетике - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жәабран 10 рҟынӡа аԥкратә уснагӡатәқәа рыҿҳәара анахаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа имҩаԥигаз аилацәажәараҿы араионқәа рхадацәа COVID-19 иадҳәалоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Ситуация с коронавирусом в городах России - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа алагалоуп жәабран 10-нӡа

Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа иазгәеиҭеит араион аҿы аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу. Мышкы ахы-аҵыхәала 10-20 тест ачымазара шаадырԥшуа. Ари аамҭа иалагӡаны ахәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәхьеит 150-ҩык, иахьазы уа ишьҭоуп 15-ҩык, ахыԥхьакратә режим аҿы иҟоуп 135-ҩык. Иара ахәышәтәырҭаҿ акәзар, аперсонал реиҳараҩык ачымазара рхыргахьеит, мамзаргьы уажәы ичмазцәоуп.

Очамчыра араион ахада Станислав Амҷба иҳәеит араион аҿы апандемиа аамҭазы зықьҩык рҟынӡа рыҽшырхәышәтәхьоу. Урҭ рҟынтәи 200-ҩык ахәышәтәырҭақәа ирҭан.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит ахада Иусбарҭаҿы
Аԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит ахада Иусбарҭаҿы

Очамчыратәи ахәышәтәырҭа ҩ-блоккны еихшоуп. Блокк авирус змоу ирзырхиоуп. Ари аус иахҭынҵоуп ҩ-миллион мааҭ рҟынӡа.

Ажьырныҳәа 13 азтәи адыррақәа рыла, Гәылрыԥшь араион аҿы 1042-а акоронавирус рымоуп, 31-ҩык Гәдоуҭатәи агоспиталь иҭоуп.

Араион ахада Аслан Бараҭелиа иҳәеит аныҳәамшқәа раан акорпоративқәа, ахәыҷтәы ныҳәақәа, егьырҭ амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара азин шыҟамыз.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит ахада Иусбарҭаҿы
Аԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит ахада Иусбарҭаҿы

Аҟәа араион аҿы аҿкыра шьҭызкааз рхыԥхьаӡара 43-ҩык рыла еизҳаит.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҳәеит ақалақьи араиони рҿы уахыки-ҽнаки рыла 85-ҩык рҟынӡа ачымазара рцәа ишалоу шышьақәдырӷәӷәо.

Ешба иҳәеит аҳҭнықалақь ахәышәтәырҭақәа рҿы аҭыԥқәа шырҭбаатәу. Иара иажәақәа рыла, Аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы даҽа 15 иара-ҭыԥ ацҵара азԥхьагәаҭоуп.

Афон ҿыц акәзар, 140-ҩык ачымазара рхыргахьеит. Уажәы 15-ҩык ауааԥсыра Гәдоуҭатәи ацентр аҿы ишьҭоуп иҳәеит ақалақь ахада Ҭемыр Оҭырба.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит ахада Иусбарҭаҿы
Аԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит ахада Иусбарҭаҿы

Хәҩык-фҩык ачымазцәа есыҽны иазгәарҭоит Гәдоуҭа араион аҿгьы. Араион ахада Баграт Боџьгәуа иҳәоит амедперсонал разымхара апроблема ҵарны ишыҟоу.

Аҭагылазаашьа аҽеиҭанакит Пицундагьы. Ақалақь ахада Алхас Шамба ишиҳәо ала, акоронавирус рхыргахьеит 160-ҩык.

Госпиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова - Sputnik Аҧсны
COVID-19 змоу рзы Пицунда астационар актәи асмена амедусзуҩцәа русура хдыркәшеит

Шамба иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа аицәахара атуристтә сезон ишадҳәалам.

Апандемиа аамҭазы Гагра араион аҿы 1050-ҩык акоронавирус рыдырбалахьеит. Уажәы араионтә хәышәтәырҭа иҭоуп 37-ҩык, аҩны рҽырхәышәтәуеит 330-ҩык.

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҵышәба иҳәеит араион аҿы амедусзуҩцәеи ашьҭаларҭақәеи шазымхо. Иазхом ахәшәқәагьы. Араион ахада ареспублика анапхгара рахь аҳәара ҟаиҵеит уи азы.

Ачымазцәа рыцхраарази аҭагылазаашьа ахылаԥшрази араион аҿы ацәаҳәа ҷыда аусура еиҿкаауп.

Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа имҩаԥигеит аилацәажәара араионқәа рхадацәа алархәны. Аилацәажәараҿы COVID-19 иадҳәалоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазааҭгылан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0