Аԥсны аоперштаб: даҽа 149-ҩык COVID-19 рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест-системы для диагностики нового коронавируса
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10251-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8010-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 145-ҩык.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 658-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 149-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Совещание руководителя администрации президента по эпидситуации и энергетике - Sputnik Аҧсны
Аԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит

Ажьырныҳәа 12 рзы Гәдоуҭатәи аковидтә хәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1935 шықәса рзы ииз апациентка, илзышьақәырӷәӷәан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", иара убас зыҽзыруадаҩыз ачымазара хада "ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра".

Ажьырныҳәа 12 ауха Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 78 шықәса зхыҵуаз апациент. Иара изышьақәырӷәӷәан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", иара убас зыҽзыруадаҩыз ачымазара хада "ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра".

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 110-ҩык, урҭ рахьтә 94-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 33-ҩык, ибжьаратәуп - 39-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 27-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 27-ҩык, агоспиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 50-ҩык апациентцәа.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0