Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ИВЛ ахь диаргеит

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовый аппарат для ИВЛ
Новый аппарат для ИВЛ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абыржәтәи аамҭазы Александр Анқәаб иҭагылазаашьа бааԥсуп ҳәа азырԥхьаӡоит аҳақьымцәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Урыстәыла акоронавирустә инфекциаҟынтә зҽызхәышәтәуа Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥсабаратәымкәа арԥҳақәа аҳауарҭарсга (ИВЛ) изышьақәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Абыржәы иара иҭагылазаашьа бааԥсуп ҳәа азырԥхьаӡоит.

"Ажьырныҳәа 17 рзы Урыстәыла Афедералтә медицина-биологиатә агентра иаҵанакуа еиуеиԥшым амедицинатә центрқәа рыспециалистцәа рыла ишьақәгылаз аконсилиум ишаӡбаз ала, Александр Анқәаб иԥсабаратәымкәа арԥҳақәа аҳауарҭарсга (ИВЛ) изышьақәыргылоуп", - ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

2020 шықәса ажьырныҳәа 8 рзы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла ФМБА Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр ахь диаган акоронавирустә инфекциеи ҩ-ганктәи аполисегментартә гәаҵәкреи иманы. Иԥсыԥлагаҩагара уадаҩын, уи адагьы ахәышәтә гепатит аҟазшьақәа идбалан. Аселективтә плазмофильтрациа изун.

Абри ашьҭахь иҭагылазаашьа маҷк еиӷьхеит, аха аамҭақәак рышьҭахь еиҭахгьы аҳауа зымхара изцәырҵит.

Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 ицәа иалоуп ҳәа адырра ҟалеит ԥхынҷкәын 30 рзы, ажьырныҳәа 4 рзы иара Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа дҭашәеит. Хымш рышьҭахь аҳақьымцәа рконсилиум иаӡбеит москватәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь иҽыхәышәтәра иациҵарц.

Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп Владимир Делба.

Ажәабжьқәа зегьы
0