COVID-19 змоу ачымазцәа ацхыраара рзыуразы амобилтә бригада аусура иалагеит Аҟәа

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТамбовская областная станция скорой медицинской помощи
Тамбовская областная станция скорой медицинской помощи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амобилтә бригада аус ауеит Аҟәатәи амбулатортә центр аҿы. Амедусзуҩцәа ацхыраара рырҭоит COVID-19 змоу, зхала амедусҳәарҭаҿы инеины апроцедурақәа ззыҟамҵо.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. COVID-19 змоу ачымазцәа ацхыраара рзыуразы амобилтә бригада аусура иалагеит Аҟәа ажьырныҳәа 18 рзы. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амбулатортә центр анапхгаҩы Алхас Џьынџьал.

Амобилтә бригада еиҿкаауп иеиҳабыратәым аиҿкаара апроект ала. Абригадазы иаахәоуп автомобиль. Уи аԥара ахшәаауп Апарламент ахатә биуџьет аҟынтәи.

Новый амбулаторный центр для ковидных пациентов  - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаадыртит амбулатортә центр аковид пациентцәа рзы

Абригада ҷыда ҳақьымки медиеҳәшьаки рыла ишьақәгылоуп. Амедусзуҩцәа ацхыраара рырҭоит COVID-19 змоу, зхала амедусҳәарҭаҿы инеины апроцедурақәа ззыҟамҵо. Убри аан дара Ацхыраара ласы аусура мҩаԥыргом.

"Урҭ рнапы иану аҽа профильуп. Иаҳҳәап, ацуҭа ҳақьым зхала иҟоу ауаҩы амбулатортә хәышәтәра иқәнагоны иззылыԥхьаӡаз иахәҭоу апроцедурақәа  изыҟазҵо дыҟамзар, абригада неиԥхьар илшоит. Акапельницақәа, агәырқәа изыҟарҵоит, акардиограмма ҟарҵоит, ишьақар гәарҭоит. Ирласны ацхыраара анаҭаху аус руроуп ацхыраара ласы, ҳара уи азы азин ҳамаӡам",- иҳәеит Алхас Џьынџьал.

Аҟәатәи амбулатортә центр аартын 2020 шықәса, абҵарамзазы, ақалақьуаа рыхәышәтәразы. Ацентр анапхгаҩы ишиҳәо ала есыҽны 60-ҩык иреиҵамкәа ауаа азнеиуеит.

"Ацентр анаадыртыҵәҟьа ҩыџьа-хҩы неиуазар, нас рхыԥхьаӡара 10-20-ҩык рахь ихалеит. Уажәы 60-ҩык иреиҵам. Ихадароу ауаа ацхыраара ахьроуоуп",- азгәеиҭоит Алхас Џьынџьал.

Аҟәа, Турбаза араион аҿы иаадыртит амбулатортә центр аковид пациентцәа рзы. Иара ауаа аднакылоит асааҭ 9:00 инаркны асааҭ 20:00 рҟынӡа, ԥсшьарамшыда. Ацентр ахь инеиуа рхатәы хәшәы рымазароуп, егьыс апроцедурақәа хәыда-ԥсадоуп: ара агәаҭара ҟалоит уҵәыҵәри аҩаӡара, акардиограмма аҭыхра, ашьақәыӷәӷәара ашәара, ашьақар аҟазаара, агәыр, акапельница рзыҟарҵоит.

Џьынџьал иажәақәа рыла ара аус зуа  COVID-чымазцәа рԥышәа змоу роуп. Амбулатортә центр аҿы иара убасгьы абиоматериал ргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0