АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. COVID-19 зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Акоронавирустә инфекциа ззышьақәырӷәӷәаз 1937 шықәса ииз ахаҵеи, 1953 шықәсазы ииз аԥҳәыси рыԥсҭазаара иалҵит. Адиагноз аполисегментартә гәыҵәкра.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 110-ҩык, урҭ рахьтә 94-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 21-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 20-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 60-ҩык апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10875- ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8701-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 154-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>