Аԥсны ҷыдала иазыҟаз: Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкны

© Foto / Константин МустафидиВладимир Высоцкий в Абхазии
Владимир Высоцкий в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
85 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 25 1938 шықәсазы диит асовет поет, актиор, ашәақәа равтор, ашәаҳәаҩ Владимир Высоцки. Иара изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан. Sputnik ишәыднагалоит иара иԥсҭазаараҟынтәи иаагоу Аԥсны иадҳәалоу фактқәак.

Sputnik

Владимир Высоцки Аҟәа акырынтә даҭаахьан. Уи шаҟантә арахь даахьаз иара иҩызцәагьы иуацәагьы цқьа ирыздыруам, убас еиқәырццакны даалон.

Высоцки иҟазара иазку асаит аҟны ишырыҩуа ала, иара Аԥсны аҳҭнықалақь ахь еиҳарак даалон амшынеиқәатәи акруизқәа рыла атеплоходқәа дрықәтәаны. 1968 шықәса инаркны Ҟрым-Кавказтәи амаршрут ала иныҟәоз аӷбақәа Аҟәа есымша икыдгылон.

© Foto / Архив Владимир Высоцки Аҟәатәи абаӷәазаҿы
Аԥсны ҷыдала иазыҟаз: Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Владимир Высоцки Аҟәатәи абаӷәазаҿы

Еиҳарак ауаа ргәалашәараҿы иаанхаз иара 1971 - 1973 шш. раан Аԥсны иаҭаарақәа роуп.

Лев Левитас игәалаиршәоит 1972 шықәса аԥхынразы Высоцки Аԥсныҟа дшааз Марина Влади длыцны атеплоход "Шота Руставели" ала. Усҟан апоет еиҳарак аӷбаҿы акәын иаамҭа ахьихигоз, акрыфаразы акаҳуажәырҭақәа рахь днеилон, хәылбыҽхала аконцертқәа аӷбаҿы имҩаԥигон.

© Sputnik Владимир Высоцкии иԥшәма Марина Владии
Аԥсны ҷыдала иазыҟаз: Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Владимир Высоцкии иԥшәма Марина Владии

1972 шықәсазы Высоцки иара убас ӷбала дааит Аҟәаҟа. Усҟан Марина Владии Павел Гурџьи ақьафурҭа "Нарҭаа" аҿы акрырфон.

Иара убас Владимир Высоцкии Марина Владии Пицундеи Аҟәеи иҭырхуаз рфотосахьақәа 1972 шықәсеи 1973 шықәсеи ҳәа арыцхәқәа рыҵаҩуп.

Аҟәатәи афизико-техникатә институт аҟны имҩаԥысхьан Высоцки иконцерт. Аԥсноуп аҭыхра ахьымҩаԥысуаз афильм "Хороший плохой человек".

© Sputnik / Галина Кмит / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВладимир Высоцки
Аԥсны ҷыдала иазыҟаз: Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Владимир Высоцки

"Аконцерт маҷк ихьшәаны иалагеит. Высоцки иааира иазыԥшын. Асценахь днеит рацәак зоура ыҟамыз ауаҩы ԥшӡа. Асахҭан иалхыз кьаҿк ишәын. Иааишәыхны аҟәардә инхишьит. Еизаз аԥсшәа ааҳаҳәаны, иаразнакы иазгәеиҭеит ара иҟазаара агәахәара ду шинаҭо. Аконцерт цонаҵы изныкымкәа игитара арахәыцқәа ԥҵәеит, убасеиԥш ихы-иԥсы аҭаны дыхәмаруан", - Афизико-техникатә институт аҟны имҩаԥысыз аконцерт далацәажәеит ахәаԥшҩы Маргарита Селиванова.

© Foto / Архив Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
Аԥсны ҷыдала иазыҟаз: Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз

Елеонора Гилоиан - "Абаза-ТВ" акорреспондент, "Высоцкий и Абхазия" атемала апрограммақәеи алекциақәеи равтор - еиҭалҳәеит зегьы хацыркхеит афильм "Хороший плохой человек" аҭыхрала ишалагаз. Афильм аҟны Высоцки ароль хада неигӡон.

© Foto / Константин МустафидиВладимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
Аԥсны ҷыдала иазыҟаз: Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз

Елеонора ишеиҭалҳәо ала, афильм аиҳарак Ҟрым иҭырххьан, Аԥсны иҭырхраны иҟаз ахәҭақәа рзы аҭыхратә гәыԥ Гагра иахьааиз ауадаҩра иақәшәеит. Дара аангылараны иахьыҟаз асасааирҭа "Гагрыԥшь" аҟны аҭыԥқәа ҟамлеит. Аномерқәа ааныркылеит ақырҭуа фильм "Амза амҵарсра" ҭызхуаз агәыԥ алахәылацәа. Гагра инхоз Григори Чепиа актиорцәа иҩныҟа инеиԥхьеит. Абра ахы акит урҭ реиҩызарагьы. Иахьагьы Чепиаа рҭаацәараҟны иахӡыӡаауа иҵәахны ирымоуп Марина Влади ҳамҭан инлыжьыз ашьали Высоцки дызлахәмаруаз агитареи.

© Foto / Константин МустафидиВладимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
Аԥсны ҷыдала иазыҟаз: Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз

Елеонора Гилоиан еиҭалҳәеит Чепиаа рҭаацәареи Высоцкии шеизгәакьацәахаз. Уи аршаҳаҭуеит Валери Перевозчиков ишәҟәы "Ну здравствуй, это я" аҟны иааиго Высоцки Гаграҟа Чепиаа рахь 1974 шықәса рзы иааишьҭыз асалам шәҟәы:

"Бзиа избо диадиа Грышьеи тиотиа Лиубеи. Изыҩуа шәара ахәбатәи шәыҷкәын иоуп. Сара схы сымҩахо аусура саҿуп. Ташкенти Алма-Атеи сыҟан. Маринагьы Франциантәи салам шәылҭоит. Сшәыҳәоит, Сева Абдулов иан Елизавета Моисеевна дшәыдышәкыларц. Лыԥсы лшьарц лҭахуп аамҭақәак. Сара лара анык леиԥш дсыԥхьаӡоит. Сгәы иаанагоит шәаргьы бзиа дыжәбап ҳәа. Зегь салам сызрышәҭ. Бзиа шәызбоит. Шәыҳалалра схашҭуам. Ҳаиԥылараҟынӡа, Владимир Высоцки", - ҳәа ануп уи асаламшәҟәы ҳәа еиҭалҳәоит Елеонора Гилоиан.

Аԥсны еицырдыруеит Высоцки иажәеинраала "Знакомым в Гагре". Иара 1972 шықәсазы иҩит ҳәа иԥхьаӡоуп. Брежнев иеиҭагаҩ, Высоцки иҩыза Виктор Суходрев иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны, Елеонора Гилоиан иазгәалҭоит Высоцки иашәа "Штормит весь вечер, и пока…" иҩит 1973 шықәса рзы Пицунда ҳәа.

Иааидкыланы, иумбарц залшом Высоцки Аԥсны ҷыдала дшазыҟаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0