Бжьаниа иҳәеит аԥсуа енергетика шәарҭарыда аус аурц азы заҟа аԥара аҭаху

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтно-восстановительные работы на подстанции "Сухум-1"
Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имоу аинформациала 2017 шықәса раахыс атәыла аенергетика есышықәса иақәхарџьын 215 миллион мааҭ.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсуа енергетика шәарҭарыда аус аурц азы 21 миллиард мааҭ еиҵамкәа аԥара аҭахуп ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа Апарламент актәи ааԥхьара адепутатцәа рԥылараан.

Иара иажәақәа рыла 2017 шықәса раахыс асистема 862 миллион мааҭ ақәхарџьуп.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсны аенергосистема апроблема хадақәа дрылацәажәеит

"Ԥхьаҟагьы ас мацара ҳцалар 90 шықәсагьы ҳазхом. Иҳахәо акакәым. Уажәы адокументқәа аус рыдырулоит, 2016 шықәсатәи аԥхьаӡарақәа рыла 21 миллиард мааҭ рыхәԥса зыртәо. Урыстәыла аенергетика аминистрра аҟынтәи аҟазауаа ааны иҟан ҭагалан. Арҭ ацифрақәа актуалра азыруоит. Адокумент инақәыршәаны аҿҳәарақәа 2026 шықәсанӡа иарбоуп", - иҳәеит Бжьаниа.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла Аԥсны ишацхраауа аусхк аинвесторцәа радыԥхьаларазы.

"Ари амҩаҿы иугәамԥхаша ауснагӡатәқәагьы ҳадаҳкылар акәхоит. 2012 шықәса раахыс афымцалашараз атариф 40 копеи шыҟац иҟоуп. Уи аҟынтәгьы еизааго 50 процент роуп. Бжьаратәла ҳтариф 1,60 копеи иҟазароуп. 40 капеи анаҳзеизымго. Иаҳзеизгом избанзар афымцамчхара аԥхьаӡагақәа ықәгылам. Урҭ рықәыргыларазы аԥара ду аҭахуп", - иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа иҳәеит Апарламент ахь ишынеишьҭыз акриптовалиута аиуразы изакәаным аусурақәа мҩаԥызго рҭакԥхықәра арӷәӷәаразы азакәанқәа рыпроектқәа, иааиуа амчыбжь азы иахәаԥшраны ишыҟоу.

Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 29 рзы "Ахьтәы Парламент" адепутатцәа идикылеит. Аиԥылара аан атәылаҿ иҟоу асоциал-економикатә ҭагылазаашьа, амаинингқәа рхархәареи аенергосистемеи рыпроблемақәа ирылацәажәан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0