ААО аррамаҵзурауаа Амшынеиқәа аԥшаҳәеи ашьхареи рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Foto / пресс-служба Южного военного округаМотострелки ЮВО отработали комплекс оборонительных действий в горах Абхазии на учении
Мотострелки ЮВО отработали комплекс оборонительных действий в горах Абхазии на учении  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2021
Анапаҵаҩра
Аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа аруааи 200 ак арратә техникеи, 152-мм згәыцә ҭбаау, зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгыла "Акация" назлоу.

АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа Амшынеиқәа аԥшаҳәеи ашьхареи рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали. Аҽазыҟаҵарақәа хықәкны ирыман амотохысцәа, атанкныҟәцаҩцәа, артиллеристцәа, анџьныр-сапиорцәа реинырра.

Аҽазыҟаҵарақәа раан ахысрақәа мҩаԥыргон акәылӡытранспортиорқәа БТР-82АМ, аминомиотқәа "Сани", агранатаршәгақәа АГС-17, РПГ-7, автоматқәа АК-74, апулемиотқәа РПК рыла. Иреихсуан акәылӡтәтехника, аԥырҩы дызҭам авиациа, аӷба маҷқәа, аршьаҟауаа ирцынхәраз ацәҟьарақәа.

Ахархәара рыҭан 500 цәҟьара, 150 000 џьаԥҳаны.

Арҟәша аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыслоит жәабранмза анҵәамҭанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0