Урыстәыла аспорт азы аминистрра Аԥсны ажәҩаҵшьратә база аиҭарҿиара аинтерес амоуп

© Sputnik / Акоп КущянОлимпийский проект - байдарочники в Гале
Олимпийский проект -  байдарочники в Гале - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2021
Анапаҵаҩра
Гал иҟаз аолимпиатә базаҿ иазыҟарҵон Асовет Еидгыла ажәҩаҵшьыҩцәа – аӡырҳәыԥқәеи аканоеқәеи рыла. Уажәы, 1992-1993 шықәсатәи Аԥсны Аџынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь аспорттә инфраструктура цәынхакгьы аанымхеит.

АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Галтәи ажәҩаҵшьырҭатә база еиҭашьақәыргылахар ҟалоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аспорт азы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Қарчаа.

"2020 шықәса анҵәамҭазы Урыстәыла аспорт аминистри сареи аиԥылара ҳаман. Ҳазлацәажәаз еиуеиԥшым  азҵаарақәа иреиуоуп ажәҩаҵшьырҭатә база "Речхә" аиҭашьақәыргылара", - ҳәа иҳәеит иара.

Қарчаа иажәақәа рыла, аминистр Олег Матыцин ари аобиект аиҭашьақәыргыларахь аинтерес ду ааирԥшит.

"Иара аинтерес ду ааирԥшит, иҳәеит Урыстәыла аӡынразы ажәҩаҵшьыҩцәа ахьаднакылаша ӡиа заҵәык шыҟоу, аха уигьы зегьы шзаднамкыло. Убри азы урыстәылатәи аган ари апроект анагӡара аҭахны иабоит", - иҳәеит Қарчаа.

Ииасыз ашықәс азтәи аилацәажәарақәа рыла ареспубликаҿ иааны иҟан урыстәылатәи аделегациа. Дара имҩаԥгатәны иҟоу аусурақәа рымҽхак азгәарҭараны иҟоуп. Аделегациа иалахәын Урыстәыла аспорт аминистр иабжьгаҩ Михаил Дремов, аӡырҳәыԥқәеи аканоеқәеи рыла ажәҩаҵшьразы Урыстәылазегьтәи Афедерациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Миронов.

Олимпийский проект -  байдарочники в Гале - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2020
"Аӡырҳәыԥныҟәцаҩцәа рыҩны": Галтәи аспортбаза аҭагылазаашьа

"Аделегациа иара убасгьы Шәқәырча аӡиа рбар рҭаххеит. Ҳәарада зегь ргәаԥхеит. Абаза аиҭашьақәыргыларазы аԥара рацәаны иақәхарџьтәуп, шьаҭанкыла иҿыцны иахьалагатәу азы. Ҳгәыӷуеит азҵаара ҵоураны иӡбхап ҳәа", - иҳәеит Беслан Қарчаа.

Аԥсны иҟаз аделегациа жәамш рыҩнуҵҟа Урыстәыла аспорт аминистр идикылараны дыҟоуп. Уаҟа иӡбахоит абаза ԥхьаҟатәи алахьынҵа ҳәа азгәеиҭеит Қарчаа.

Урыстәылатәи аделегациа алахәылацәа аӡеизакырҭеиԥш акәша-мыкәшатәи аҵакырагьы рбеит.

Дмитри Миронов иажәақәа рыла, абаза аӡбахә уаанӡа ара аҽазыҟаҵарақәа ирхысуаз аспортсменцәа рҟынтәоуп иахьраҳаз.

"1980-тәи Аолимпиатә хәмаррақәа рыламҭалаз асоветтә команда ароуп аҽазыҟаҵарақәа иахьырхысуаз, ақәгыларақәа рҿгьы иреиӷьыз арбагақәа аадырԥшит", - ҳәа иҳәеит Миронов.

Олимпийский проект - байдарочники в Гале  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2020
Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

Михаил Дремов иакәзар, ажәҩаҵшьыҩцәа рзы ари аҭыԥ иреиӷьқәоу иреиуоуп. Аӡеизакырҭаҿы еизо асырӡ аицлабрақәа раан рхы иадырхәо аӡы аасҭа еиҳа ихьанҭоуп азы, ибзианы уҽазыҟауҵартә алшара уоуеит.

Ажәҩаҵшьырҭатә база "Речхә" асовет спортсменцәа Разыҟаҵаратә центр акәын. Аракәын Европа, адунеи, аолимпиатә хәмаррақәа рҽырхьырзыҟарҵоз. Уи адагьы, ара имҩаԥысуан 250, 500, 1000 метратәи СССР ачемпионатқәа.

Абазаҿ инхон, рҽагьазыҟарҵон еицырдыруаз аспортсменцәа: Иури Филатов, Галина Крефт, Владимир Парфенович, Виталии Леониди Ивановаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0