00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:33
27 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
18:57
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
21:57
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Гал амш азгәарҭоит иахьа: ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ иҿцәажәара
13:33
16 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Ақалақь иалоу аҩнатә ԥстәқәа рызҵаара: Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ иҿцәажәара
13:49
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
13 мин
Взаимный интерес
В Абхазии продолжают исследовать пещеры: разговор со спелеологом
14:21
5 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
Гал отмечает 93-ю годовщину со дня основания: интервью с жителем
14:47
3 мин
Такие обстоятельства
Общий цивилизационный путь Абхазии и России: круглый стол в АГУ
14:50
9 мин
Даполнительное время
Эльвира Тодуа о женском футболе, победе в Кубке России, и об Абхазии
14:59
12 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Цандрыԥшьтәи ареабилитациатә центр аԥхьатәи апациентцәа аднакылеит

© Foto / Милана Аджба Реабилитационный центр
 Реабилитационный центр - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Анапаҵаҩра
Зхәыҷаахыс ихымхәоу рзы ареабилитациатә центр аадыртит Цандрыԥшь ақыҭан ԥхынҷкәын 25 рзы, аха апандемиа иахырҟьаны уи ауаа аднакыломызт.

АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Зхәыҷаахыс ихымхәоу рзы Цандрыԥшьтәи ареабилитациатә центр аԥхьатәи апациентцәа аднакылеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ацентр анапхгаҩы Милана Аџьԥҳа.

"Иацы асы леиуан. Уи иахҟьаны хҩык роуп иҳадаҳкылаз. 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, адиагноз ДЦП змаз ҳазнеит. Иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп мышкы ала хәҩык рыдкылара, акоронавирус иахҟьаны еиҳаны иҳазҳадкылом. Графикла аус аауеит – аҩаша, аԥшьаша, асабша, амҽыша. Уи нас еиҳа Аҟәантәи иаҳзаауа аҳақьымцәеи аҭаацәеи ишырзыманшәалахаша еиҭаҳкуеит", - лҳәоит лара.

Зхәыҷаахыс ихымхәоу рзы ареабилитациатә центр аадыртит Цандрыԥшь ақыҭан ԥхынҷкәын 25 рзы, аха апандемиа иахырҟьаны ауаа аднакыломызт ҳәа лҳәеит Аџьԥҳа.

Милана Аџьба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2021
"Ҳалшарақәа ҳәаа рымамзароуп": ДЦП адиагноз ззықәыргылоу Милана Аџьԥҳа лҭоурых

Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы ачымазара маҷк ихҽит. Ацентр аусзуҩцәагьы русура хдыртит.

Иахьа ара аус руеит хҩык аҟазауаа – ахәышәтәратә баҩырҵәыразы, апсихолог, амассажист. Дара рахь ҩажәижәаҩык рҟынӡа ашәҟәы рҽанырҵахьеит. Аџьԥҳа лажәақәа рыла, Гагра араион аҿы 272-ҩык аинвалидцәа ыҟоуп.

Ареабилитациатә центр аҭыԥантәи аполиклиника ахыбраҿы иаартуп. Еиқәыршәоуп хырхарҭарацәалатәи Бехтерев итренажиор, аҩрҭа мҩа, авелотренажиор рыла. Иаахәатәны иҟоуп апсихолог икабинет азы аҩнымаҭәа: аҿиара иахәо ахәмаргақәа, аколиаскақәа, аҭаныҟәарҭақәа.

Аџьԥҳа лажәақәа рыла, Цандрыԥшь инхо рпациентцәа даара гәахәарыла ирыдыркылеит ареабилитациатә центр аусура иахьалагаз, избанзар зегьы ирылшомызт Аҟәаҟа ацара-аара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0