Бжьаниа ипресс-маҵзура аоппозициаа рҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента.
Администрация президента.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабран 23 рзы Аԥсны ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аиԥылара мҩаԥигеит еиуеиԥшым аполитикатә партиақәа, ауаажәларратә усзуцәа рхаҭарнакцәа, аҭҵаарадырратә, арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәа алархәны.

АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ипресс-маҵзура ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара" ахада иҟны Ауаажәларратә хеилак аԥҵара атемала имҩаԥгаз аилацәажәара аусура аҽаламырхәразы иҟанаҵаз аҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит.

Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Арадио
Гәынба ауаажәларратә хеилак аԥҵаразы: ажәлар иргәаԥхарцаз акәӡам, алҵшәа аиур ҳҭахуп

"Аԥсны ахада иҟны Ауаажәларратә хеилак аԥҵара атемала имҩаԥгаз аилацәажәара аусура рхы аладырхәит шамахамзар аполитикатәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа. Аилацәажәара ахы аланамырхәит ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара", уи аламҭалаз ахы заланамырхәыз азы амзызқәа азгәаҭаны. Урҭ акыр иџьшьатәуп", - азгәаҭоуп ирыларҵәо ахҳәааҿы.

Апресс-маҵзура азааҭгылеит "Аидгылара" амзызқәа ируакны ишазгәанаҭаз 2020 шықәса ԥхынҷкәын 25 рзы ахада даналырхуаз адгылара изҭаз апартиақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа дахьырԥылаз. Дара уи ажәлар реиҟәшареи аиҿагылара арцыхцыхреи ирзырханы иршьеит. Ахада Иусбарҭаҿы ари аҩыза агәаанагара иашам ҳәа иазырыԥхьаӡоит, Бжьаниа аус ицыруырц азы змаҵурақәа ирызныжьыз уаанӡатәи анапхгара иалахәыз ачынуаа рсиа ааргоит.

Аиԥылара ахаҭа акәзар, ҳәа рҳәоит апресс-маҵзураҿы, ахада азин имоуп аполитикатә еиҿкааратә гәыԥқәа реиԥш хаҭа-хаҭала аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа дырԥыларц, уи иаанагом егьырҭ зегьы аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбара иалархәхом.

"Цқьа иаҳзеилкаауам политикатә еиҿкаарақәак рхаҭарнакцәа рԥылара ауаажәларра зеиҟәнашо, аиҿагыларахь изкылнаго" ҳәа ҳәоуп аҳәамҭаҿы.

Бжьаниа Иусбарҭа ақәшаҳаҭым "Аидгылара" Аслан Бжьаниа аоппозициа данраԥхьагылаз ари аҩыза аконсультативтә плошьчадка аԥҵара даҿагылан ҳәа ихарарҵо ахара.

"Аидгылара" ахада иахь аоппозициаа рызҵаарақәа 33 ракәзар, рҭакқәа хара имгакәа акьыԥхь ахь ицәыргахоит.

Под председательством вице-президента Бадры Гунба состоялось организационное совещание, посвященное созданию общественного совета при президенте Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Ауаажәларратә палата адублиаж, мамзаргьы акгьы злымҵуа аус

Апресс-маҵзура аҳәамҭа хыркәшо алкаа ҟанаҵоит: "Аидгылара" аилацәажәара залахәымыз ҳәа зыӡбахә аҳәо амзызқәа ихыҭхәыцаау роуп, аиҿкаара аконструктивтә диалог ахалархәра шаҭахым аадырԥшуеит.

Апресс-маҵзура азхьаԥшра анаҭеит апартиа ФНЕА ахада Аслан Барцыц аилацәажәара ашьҭахь ажурналистцәа инаҵшьны иреиҳәаз: "насыԥны иҟалон ари аҩыза шықәсык аԥхьа имҩаԥгазҭгьы, егьыс иаҳцәыӡыз алшарақәа ираамҭахеит" ҳәа.

"Аполитикатә партиа аиҳабы изымдыруа дыҟам арҭ амзақәа рзы Аԥснеиԥш адунеи зегьы аҿы инарҭбаау аиԥыларақәеи аилацәажәарақәеи рзин шыҟамыз. Апандемиа иахырҟьаны адунеитә саммитқәа, жәларбжьаратә еиҿкаарақәа реиԥыларақәа, егьырҭ афорумқәа мҩаԥыргомызт. Урҭ ҿырԥштәны иаагоит иҟаз ашәарҭара азгәаҳҭарц", - рҳәеит амаҵзураҿы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ипресс-маҵзура иазгәанаҭеит аҽазныкгьы ахада иарбанызаалак аформала адиалог дшазыхио атәыла аизҳазыӷьарази ауаажәларра рҭышәынтәаларази.

Ажәабжьқәа зегьы
0