Амиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит

© SputnikВ "Аитаре" состоялось торжественное построение, посвященное закрытию госпиталя
В Аитаре состоялось торжественное построение, посвященное закрытию госпиталя - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 20 раахыс урыстәылатәи аҳақьымцәа астационартә хәышәтәра рзымҩаԥыргеит 500 пациент, ахәышәтәра-диагностикатә комплекстә уснагӡатә анагӡаразы.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь аилазаара амедалқәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы, 2020 шықәса жьҭаара 20 раахыс COVID-19 змаз ауаа ахьырхәышәтәуаз.

Аамҭала Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба аҳақьымцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит ареспублика ауааԥсыра коронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы рлагала ду азы.

Бжания поблагодарил медиков госпиталя Минобороны РФ за помощь в борьбе с COVID-19   - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Бжьаниа Урыстәыла АА амобилтә госпиталь амедусзуҩцәа русураз иҭабуп ҳәа реиҳәеит

"Агәабзиарахьчара асистема аусуҩцәа – ҳаамҭа иафырхацәоуп. Иҟоу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшкәа ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара шәазықәԥоит. Уи ҳаҭыр-пату ду шәнаҭоит. Ҳгәабзиарахьчара аминистрреи арратә госпитали шәеиныррала иалыршахеит акоронавирустә инфекциа хҽны уаанӡатәи аԥсҭазаара азыхынҳәра" ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа идҵала урыстәылатәи аҳақьымцәа амедалқәа ранашьан.

Амедалқәа "Арратә еиҩызаразы" ранашьан агоспиталь аиҳабы Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанови назлоу быжьҩык, амедал "Аԥсны аҭынчра адгыларазы" ранашьан 44 медусзуҩ.

© SputnikАмиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит
Амиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Амиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Максим Литвинов иазгәеиҭеит коронавирус ԥышәага дуны ишыҟалаз.

"Аԥсуа жәлар аибашьраан Нхыҵ Кавказынтәи рашьцәа раара агәаӷьра ду рнаҭахьан, уажәы урыстәылатәи арратә госпиталь ара аҟазаара ареспублика арыцҳара ду аҿы ахы ишазнымхаз символра ауит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Владислав Ничапоренко ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин амедицинатә госпиталь аусзуҩцәа коронавирустә инфекциа апандемиаан хамегӡарыла рхымҩаԥгашьаз амедалқәа ранашьараз иусшәҟәы даԥхьеит.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ахә ҳаракны ишьеит урыстәылатәи амедикцәа рылшамҭақәа.

"Аԥсны амедицинатә персонал ахьанҭара ду иаҵан, шәара ара шәыҟазаара акыр ихәарҭахеит, ҳаицусура алҵшәақәагьы даара ибзиахеит" ҳәа иҳәеит аминистр.

© SputnikАмиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит
Амиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Амиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит

Ҭамаз Ҵахнакьиа идҵала коронавирустә инфекциа аҿагылараҿ хамегӡарыла рықәԥаразы амедусзуҩцәа амедал "Атәыла агәабзиарахьчара аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы" ранашьан амедусзуҩцәа рыхәҭак. Иара убасгьы аминистр идҵала аразны ԥсар "Аҟәа" (Сухум) ранашьан хәҩык аҳақьымцәа.

Хәышә-ҩык апациентцәеи, хә-нызқь ҭҵаареи: Аҟәатәи амобилтә госпиталь аусушьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2021
Хәышә-ҩык апациентцәеи, хә-нызқь ҭҵаареи: Аҟәатәи амобилтә госпиталь аусушьа

Агоспиталь аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанов ишиҳәаз ала аҵыхәтәантәи апациент дылырҩааит жәабран 28 рзы.

Арратә медусзуҩцәа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш аҽны Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аусбарҭатә медалқәеи, адипломқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьан.

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз аҳәарала. Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Ари агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшо иҟан.

© SputnikАмиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит
Амиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Амиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит жьҭаара 19 рзы, адырҩаҽны аусурагьы иалагеит.

Уи аахыс ара ахәышәтәра иахысхьеит 500-ҩык ареспублика ауааԥсыра. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 20-ҩык.

Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, имҩаԥган алабораториаҿ 5195 ПЦР тест.

Ажәабжьқәа зегьы
0