Ҭарашь Ҳагба Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахадас далхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТаращ Хагба
Таращ Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аҳасабырба-алхратә конференциа мҩаԥысит Аҟәа, хәажәкыра 2 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 3– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҭарашь Ҳагба Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахадас далхуп Афедерациа аҳасабырба-алхратә конференциаҿ хәажәкыра 2 рзы.

Футболист с мячом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2021
Беслан Гәыблиа ахәшьара аиҭеит Европа ачемпионат ConIFA-2021 аҵәҭаԥсара

Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахадас иҟоу Џьума Кәарцхьиа аиԥылара аартны ажәахә ииҭеит аҳасабырба-алхратә конференциа ахантәаҩы Рафаель Амԥар.

Рафаель Амԥар инаҵшьны иазгәеиҭеит ахада ҿыц, ихаҭыԥуаҩ, анагӡаратә еилакы аусутә рацәа раԥхьа ишьҭоуп ҳәа аспорт аҿиаразы. Уи азы атәыла араионтә спорттә еилакқәа ирымоу апроблемақәа ӡбалатәуп.

Аконференциахь инаԥхьан 48 делегат – уаанӡатәи Афедерациа аиҳабцәа, ашьапылампыл аветеранцәа, аклубқәа рхаҭарнакцәа. Урҭ рҟынтәи 25 рыҟазаара иалнаршеит ААА ахада иалхра.

Аиҿкаара аиҳабы Џьума Кәарацхьелиа иқәгылараан иазгәеиҭеит ауадаҩрақәа шыҟоугьы аиҿкаара анапхгара атәылаҿ ашьапылампыл аҿиараз ирылшо зегь шыҟарҵоз. Иара аиҳаб ҿыц изеиӷьеишьеит иусураҿы ақәҿиара дуқәа.

Аделегатцәа еицҿакрыла Ҭарашь Ҳагба икандидатура адгылара арҭеит.

Ҭарашь Ҳагба иқәгылараҿы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит ирҭаз агәрагаразы, иҳәеит илшо азы ихы дшамеигӡо.

Кандидатцәас рыӡбахә ҳәан ҩыџьа: ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" ахада Геннади Ҵнариа, ConIFA-2016 аверсиала адунеи ачемпион, ашьапылампыласыҩ Ҭарашь Ҳагба. Геннади Ҵнариа 2004-2005 шықәсқәа рзы Афедерациа анапхгара аиҭон.

Футболист с мячом - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2021
Ачемпионат ConIFA-2021 аҿы Аԥсны акоманда зындаҭло еилкаахеит

Геннади Ҵнариа алаҳәара ҟаиҵеит икандидатура шықәиго азы.

Геннади Ҵнариа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба аԥсуа шьапылампыл аиҭакра илшоны ишибо. Ақәыԥшреи алшареи абри аусхк аҟны ақәҿиарақәа ааргап ҳәа дгәыӷуеит Ҵнариа.

Афедерациа аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны Афедерациа аиҳабы ԥшьышықәса ҳәа далырхуеит.

Ҭарашь Ҳагба диит 1991 шықәсазы, раԥхьатәи ишьаҿақәа ашьапылампыл ахь "Нарҭ" аҿы иеихигеит, нас "Гагра" ахьӡала дықәгылон, анаҩс "Нарҭ" ахь деиҭахынҳәит. Уи ашьҭахь аҟәатәи "Динамо" аҿы дыхәмаруан. Уажәы гагратәи акоманда ахьӡала дықәгылоит. Ҭарашь Ҳагба аспорт азҟаза, аорден "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара ианашьоуп амилаҭтә команда ConIFA-2016 аверсиала адунеи ианачемпионхаз.

Еиуеиԥшым ааиҭақәа рзы Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа напхгара арҭон: Владимир Мқанба, Валери Аршба, Рафаель Амԥар, Геннади Ҵнариа, Артур Амқәаб, Леонид Ӡаԥшьба, Џьамал Гәбаз, Руслан Аџьынџьал. 2017 -2020 шықәсқәа рзы Афедерациа дахагылан Џьума Кәарцхьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0