Ахра Аҩӡба иҩны азинхьчаҩцәа акәшеит

© Sputnik / Илона ХварцкияМилиция
Милиция - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Анапаҵаҩра
Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы Аҟәа, абри азы аинформациа иршаҳаҭит иара изааигәоу ауаҩы.

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Ахра Аҩӡба Аҟәа дахьынхо аҩны азинхьчаҩцәа акәшаны игылоуп ҳәа ааицҳауеит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Уаанӡа иара изааигәоу ауаҩы ишаҳзааицҳаз ала, Ахра Аҩӡба даанкылан, дагьнаган Ашәарҭадаратә маҵзура аусҩарҭахь иҿахәҿыхразы, иҩны аԥшаарақәа мҩаԥыргоит.

Ахра Аҩӡба даанкылоуп ҳәа адырра ҟалеит хәажәкыра 4 ахәылԥаз арратә корреспондент Семион Пегов и-Telegram-канал аҟны.

Пегов иажәақәа рыла, Ахра Аҩӡба иԥшәма Иулиеи иареи шеицәажәоз, лҭел мчыла илымырхит. Ажурналист ишиҩуа ала, амчратә усзуҩцәа аордер ма адокумент ҳәа акгьы дыдмырбеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0