00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:25
5 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:25
5 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
10 мин
Аицәажәара
Атуристцәа рхыԥхьаӡара аизырҳаразы алшарақәа: "Акурорт Пицунда" аменеџьер игәаанагара
13:17
3 мин
Аиҿцәажәара
On air
13:20
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
On air
13:43
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Посредник
On air
14:17
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
On air
14:46
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Амшынеиқәафымцамч" аҳауаҟынтәи "Кавкасиони" ацәаҳәаҟны авариа ахьыҟалаз иашьҭалоит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Черноморэнерго
Черноморэнерго   - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 5 рзы "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵеит авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" аҟны иҟалаз аԥхасҭа аԥыхразы Аԥсны иахьаҵанакуа афымцамч аамҭа-аамҭала идырцәалоит ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Амшынеиқәафымцамч" ахаҭарнакцәеи уи адиректор хада Михаил Логәуеи вертолиотла ицеит авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" аԥсуа хәҭа иахьаҵанакуа авариа ахьыҟалаз аԥшааразы.

Вертолиотла уахь ацара зырӡбаз аԥхасҭа ахьыҟалаз даҽакала анеира ахьыуадаҩу азоуп. 

"Ишыжәдыруа еиԥш, Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аауеит хыџьарала: "Ԥсоу 220", "Гьачрыԥшь 110", "Кавкасиони 220", аброуп авариа ахьыҟалаз, уахь уажәы ҳцоит. Абар ҩаха ҵит убри аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ ҳашьҭоуижьҭеи, иаауа афымцамч зегьы "Ԥсоуи" "Гьечрыԥшьи" рыла иаҳзаашьҭуам", - ҳәа азгәеиҭеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа.

Убри азы афымцалашара аамҭала арцәара аграфик алагалан ҳәа инациҵеит иара.

"Ҳара уажәы Аԥсны иахьаҵанакуа имҩасуа "Кавкасиони" ацәаҳәа ахәҭа ҭаҳҵаароуп, иҳаԥшаароуп аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ, уи Аԥсны иаҵанакуоу иаҵанамкуоу еилаҳкаароуп", - ҳәа азгәеиҭеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы.

Хәажәкыра 5 рзы "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵеит авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" аҟны аремонттә усурақәа цонаҵы Аԥсны аамҭала афымцалашара арцәара аграфик алагалоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0