АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҭырқәтәылатәи ақалақь Қоџьаели аҿы азеиҭынҵлақәа еиҭарҳаит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак ицхырааҩ Џьансыхә Лазба.
"Иахьа, хәажәкыра 10 рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика, амшын иаԥну ақалақь Қоџьаели аҿы акрызҵазкуа ахҭыс ҟалеит – азеиҭынҵлақәа агәалашәара иашьананы еиҭарҳаит. Ари араион алкаауп, избанзар аброуп 150 шықәса раԥхьа аԥсуааи адыгақәеи зықьҩыла рыԥсадгьыл аҟынтә ихҵәаны нхара ҳәа иахьнеиз", - ҳәа иҳәеит иара.
Ари ауснагӡатә ақалақь Қоџьаели Аԥсуа культуратә центр иаԥшьгамҭоуп ҳәа азгәеиҭеит Лазба.
"Абри аус аҿы илшамҭақәа дууп Аԥсуа культуратә центр анапхгаҩы Ҳасан Чычба. Ауснагӡатә апандемиатә ԥкырақәа ирхырҟьаны шәҩык рҟынӡа ракәын иалахәыз", - ҳәа иҳәоит иара.
Ари аҭыԥ аҿы есышықәса имҩаԥыргоит Кавказтәи аибашьра иаланҵәаз ргәалашәаразы ауснагӡатәқәа ҳәа иҳәоит Џьансыхә лазба.
Аԥсны изныкымкәа амҳаџьырра ацәқәырԥақәа ахыҵәеит. Уи азы еиуеиԥшымызт амзызқәа: 1808 шықәсазы Аԥсны аҳ Қьалашьбеи дыршьит. Ажәлар еиҟәшеит иԥацәа Асланбеии Сафарбеии рыбжьара. Асланбеи Аԥсны дахагылеит, Сафарбеи Гыртәылаҟа диасны Урыстәыла ацхыраара даҳәо далагеит.
1810 шықәсазы урыстәылатәи арра-мшынтә мчрақәа ирылшеит Асланбеи Аҟәатәи абаа иахцара. Абри ашьҭахь Аԥсныҟа дхынҳәит Сафарбеи. Иара убри ашықәс азы Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа иалалеит. Актәи амҳаџьырра ацәқәырԥагьы ҟалеит.
1877-1878 шықәсқәа рзы Аурыс-аҭырқәа еибашьраан Аԥсны зегь реиҳа зымҽхак ҭбааз амҳаџьырра ацәқәырԥа ҵысит, усҟан уи иқәнагеит 50 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.
Шәышықәса инарзынаԥшуа ицоз Аурыс-кавказтәи аибашьра Кавказ ажәларқәа ашьаӡа-гәаӡа иланаргылеит. Аԥсны иахыҩит ажәа "амҳаџьырра".
Кавказ иқәцан 80% ашьхарыуаа.
Аԥсуеи абазеи жәларқәа рҟынтәи XIX ашәышықәсазы амҳаџьырра иагеит 135 нызқьҩык рҟынӡа, аубыхқәа нарыцҵаны –180 000-ҩык рҟынӡа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Зқьыла аԥсҭазаарақәа ахьҿыцәааз Қьефқьен: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш азы