Аԥснытәи абитуриентцәа азанааҭ ҿыцқәа алырхыр рылшоит Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны

CC0 / / Люди за работой
Люди за работой - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иазоужьу аквотақәа рыла Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа иҭалар зҭаху акандидатцәа рҭаҩра аплан Россотрудничество асаит аҟны икьыԥхьуп. Акандидатцәа рҭаҩра мҩаԥысуеит хәажәкыра 15-нӡа.

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалар зҭаху сынтәа алшара рымоуп, егьырҭ ашықәсқәа рзы иҟамызт азанааҭ ҿыцқәа рыла аҵараҵара, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха.

Иалагалоу азанааҭқәа иреиуоуп:

  • "Архитектура, аргылара атехникеи атехнологиеи",
  • "Иаӡоу афатә аҟаҵареи аҩыҟаҵареи",
  • "Аекономикеи анапхгараҭареи",
  • "Иҷыдоу ацәажәаратә гра змоу рзы",
  • "Афилологиеи аурыс литературеи",
  • "Абылрацәыхьчара ашәарҭадара",
  • "Атехносфератә шәарҭадара".

Сынтәа арҿиара иадҳәалоу азанааҭқәа рзы иазоужьуп быжь-квотак. Арҭ азанааҭқәа рахь ицәырҵыз азыҳәа атәылаҿы акультура ахьеизҳаз иадиҳәалоит Чеха, ҿырԥштәыс иааигеит Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр.

Аԥсуа абитуриентцәа рзы еиҳа ихадаратәу ахырхарҭақәа иреиуоуп амедицина, сынтәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны хә-ҭыԥк азгәаҭоуп.

Уаанӡа Россотрудничество аиҳабы Евгени Примаков ишиҳәахьаз ала, аҳәаанырцәтә студентцәа, аԥснытәиқәагьы убрахь иналаҵаны, Урыстәыла аквотақәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Уажәы апрограммаҿы иазԥхьагәаҭоуп 15 нызқь биуџьеттә ҭыԥ, 2023-2024 шықәсқәа рзы урҭ ҩынтә еиҳахоит.

Ҵыԥх Аԥсны иазоужьын аҵараҵаразы аквотақәа 50, сынтәа 52.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0