Аԥсни Санкт-Петербурги атуризм аусхк аҿы аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит

© Foto / Министерство по туризму РАМинистр туризма Абхазии Теймураз Хишба встретился в Москве с министром туризма Кубы Хуаном Карлосом Гарсиа Гранадой
Министр туризма Абхазии Теймураз Хишба встретился в Москве с министром туризма Кубы Хуаном Карлосом Гарсиа Гранадой - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 17 рзы XXVII Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи Санкт-Петербург атуризм аҿиараз Аилак ахантәаҩы Сергеи Корнееви атуризм аусхк аҟны аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.

АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи Санкт-Петербург атуризм аҿиараз Аилак ахантәаҩы Сергеи Корнееви атуризм аусхк аҟны аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

© Foto / Министерство по туризму РААԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи Санкт-Петербург атуризм аҿиараз Аилак ахантәаҩы Сергеи Корнееви атуризм аусхк аҟны аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.
Аԥсни Санкт-Петербурги атуризм аусхк аҿы аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи Санкт-Петербург атуризм аҿиараз Аилак ахантәаҩы Сергеи Корнееви атуризм аусхк аҟны аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.

Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит атуризм аусхк аҟны аусеицуразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара ркомпетенциақәа рҳәаа иҭагӡаны, атәылақәа рыҩба рзакәанԥҵарақәа инарықәыршәаны.

Министр туризма Абхазии Теймураз Хишба встретился в Москве с министром туризма Кубы Хуаном Карлосом Гарсиа Гранадой - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Аԥсни Кубеи атуризм аусхк аҟны аусеицура атәы иалацәажәеит

Аганқәа рнапы зҵарҩыз адокумент инақәыршәаны иацхраалоит еиҿкаау агәыԥтәии хаҭалатәии туризм, иара убасгьы аекспертцәеи иҷыдоу агәыԥқәеи реимдара, атуристтә маркетинг аусхк аҟни атуристтә аалыҵқәа рыҭираҟни рҵакырақәа рыҩба еицхыраалоит, иара убасгьы еицымҩаԥыргалоит атуристтә џьармыкьа аҭҵаара, еицеизыргалоит аинвестициатә проектқәа рзы аинформациа, еицаадырԥшлоит атуристтә инвестициа ахырхарҭақәеи аусхкқәеи.

Уи адагьы, Аганқәа ацхраалоит атуризм аусхк, асасдкылара аиндустриа уҳәа рҟны зусура мҩаԥызго ауаажәларратә еиҿкаарақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиара, атуристцәа рзинқәа рыхьчара.

Амеморандум иазыԥхьагәанаҭоит аныҟәарақәа рызҵаарақәа аус рыдызуло аҭҵаарадырра аусзуҩцәа, аофициалтә хаҿқәа, ажурналистцәа реимадара, Аԥсни Санкт-Петербурги рҵаратә усҳәарҭақәа рҟны атуризм аиндустриаҿ апрофессионалтә кадрқәа рԥышәа ашьҭыхра ацхраара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0