АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ажьырныҳәа 21 раахыс Драндатәи абахҭаҿы ааҩык акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ААР амедицинатә маҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Владислав Белиаев.
Иара иажәақәа рыла. абахҭаҿы раԥхьаӡакәны акоронавирус ажьырныҳәа 21 азы ахы цәырнагеит. Иҟоуп агәаанагара аҭааҩцәа ирыхҟьеит ҳәа.
"Уи аамҭазы аперсонал азырхиан, абахҭа амедицинатә ҟәшаҿы аҭыԥқәа еиҿкаан, атестқәа ҳаман. Аҿкчымазара зыхьыз уадаҩрада ирхыргеит. Аӡәы заҵәык аконсультациазы дган, аха уигьы уадаҩрада ичымазара далгеит", - иҳәеит аҳақьым.
Белиаев иҳәеит абахҭаҟны авирус асимптомқәа змоу даарԥшхар иареи иныруаз ауааи хазы ишиагахо, акамера арзҩыдара ишахрыжьуа. Адиагноз шьақәырӷәӷәахар ҩымчыбжь хазы дааныжьхоит. Ачымазара аҽарцәгьар, астационартә хәышәтәырҭахь ииаргоит.
Белиаев иҳәеит уажәы абахҭаҿы аӡәгьы акоронавирус шимам, аха аҭааразы аԥкрақәа шыҟоу.
Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Асида Шьаҟрылԥҳа жәабранмзазы аҳәамҭа ҟалҵеит Аԥсны апенитенциартә усҳәарҭақәа рҿы аепидемиатә ҭагылазаашьа агәҭынчымра шлызцәырнаго.
Илҳәеит Драндатәи абахҭаҿы иҭаку коронавирус аҟазшьақәа рхы ишадырбалогьы ацхыраара ҳамам ҳәа рҳәеит ҳәа. Уи аҭакс Аԥсны ААР аҟны ирҳәеит абахҭаҿы асанитартә нормақәа ирықәныҟәоит ҳәа.