Аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәа Мшаԥныҳәаз иалырхуа ақалақьқәа жәаба рахь Аҟәа аҵанакит

© Sputnik / Акоп Кущян Сухум с коптера
Сухум с коптера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2021
Анапаҵаҩра
Анхарҭаҭыԥ заанаҵтәи аҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU иалнакааит Мшаԥныҳәазы Урыстәылеи Аԥсни еиҳа аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәа иалыркаауа аҭыԥқәа.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Аԥсны аҳҭнықалақь 2021 шықәса Мшаԥныҳәазы Урыстәылеи Аԥсни еиҳа аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәа иалыркаауа аҭыԥқәа ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит анхарҭаҭыԥ заанаҵтәи аҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU.

Арахь иаҵанакит: Севастополь, Краснодар, Ессентуки, Велики Новгород уҳәа ақалақьқәа.

Ареитинг шьақәыргылан 2021 шықәса лаҵара 1-9 рзтәи анхарҭаҿаҵаратә дыррақәа рышьаҭала.

  • Севастополь – 2842 ₽ / 5 у
  • Краснодар – 1667 ₽ / 1,5 у
  • Пушкин – 4000 ₽ / 4 у
  • Ессентуки – 1593 ₽ / 7,5 у
  • Углич - 6800 ₽ / 2 у
  • Суоиарви – 3500 ₽ / 3 у
  • Велики Новгород - 6500 ₽ / 1 у
  • Суздаль – 3250 ₽ / 2 у
  • Казань - 900 ₽ / 7 у
  • Аҟәа - 4600 ₽ / 4 у.

TVIL.RU астатистикала атуристцәа быжь-уахык рҟынӡа аҟазаара рҭахуп, уахыки-ҽнаки рыла 900-6,800 мааҭ ашәара иазыхиоуп. Еиҳа ахәқәа лаҟәуп Казань, иҳаракуп – Углич.

Аԥсны ақьырсиан дин харҵоит ҳера ҟалазар 55 шықәса раахыс. Аԥсны ирацәоуп ажәытә уахәамақәа. Аԥсуа мзар ала амзақәа хԥа: ажьырныҳәа, мшаԥы, нанҳәа ақьырсиан ныҳәақәа (Иаса Қьырса иира, Мшаԥы, Анцәа иан) ирызкуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0