Озган Аԥсны афымцамч ахархәаҩцәа рбаза актуализациа мҩаԥгазарц адҵа ҟалҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКристина Озган
Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистри "Амшынеиқәафымцамч" анапхгареи, араионтә филиалқәа рнапхгаҩцәеи реилацәажәараан ирзааҭгылан Аԥсны аенергетика аусхк аҟны апроблемақәа. Аилацәажәара мҩаԥысит хәажәкыра 24 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган "Амшынеиқәафымцамч" анапхгара рнапы ианылҵеит афымцамч зхы иазырхәо акатегориақәа зегьы рзы аинформациа аздырхиарц "Аԥсны афымцамч ахархәара асистема зегьы аинвентаризациа азузарц", - аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аминистр иазгәалҭеит аусбарҭа иҟаҵәҟьоу аԥхьаӡац амазарц азы актуалтә информациа шхымԥадатәиу.

"Исҭахын "Афымцамчҭира" афымцамч зхы иазырхәо акатегориақәа зегьы рзы аинформациа азнархиарц раионцыԥхьаӡа, альготақәа змоу алкааны. Ахыԥхьаӡара ҭымхкәа, ииашоу аинформациа ҟаҳҵалару, избанзар урҭ рзы аҭак аҟаҵара ҳара ҳакәхоит изықәшәо. Уажәы, ишыжәдыруеиԥш, аҳасабырбақәа рҟны адибитортә уал еиҿкаахоит. Иахьазы уи ахышәаҵышәа дууп. Сара схаҭагьы исҭахуп еилыскаарц уи ахьынӡаиашоу. Сгәы иаанагоит хаз адҵа ҭыжьтәуп ҳәа Аԥсны афымцамч зхы иазырхәо рбаза актуализациа азузарц", - ҳәа лҳәеит Озган.

Кристина Озган иазгәалҭеит аҽа дҵаҟаҵаратә документкгьы шазырхиахо аенергосистема аганахь ала. Лара лажәақәа рыла "Амшынеиқәафымцамч" аҟны хәба-фба шықәса раԥхьа аԥыжәара зҭатәу ҳәа апринцип ала еиҿкааз апрограмма аиҭарҿыцра аҽазыҟаҵара мҩаԥысуеит.

"Ахадараҿы иҳаргылоит апроблема хадақәа, аобиектқәа иахьатәи рҭагылазаашьа иадҳәаланы, ауааԥсыреи анхамҩатә обиектқәеи фымцамчла реиқәыршәара алыршаразы, авариақәа, ашәарҭарақәа рыларҟәра апринципқәа рыла иааиуа ахышықәса рыҩнуҵҟа иарбан хырхарҭоу иалкаатәу еилаҳкааразы", - ҳәа лҳәеит аекономика аминистр.

В «Черноморэнерго» прошло совещание министра экономики Кристины Озган с руководством и представителями районных филиалов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы араионқәа афымцамч ахархәара ахьынӡамоу иалацәажәеит

Аобиектқәа ринвентаризациаз Озган аенергетикцәа рнапы ианылҵеит ҩны-цыԥхьаӡа инеиларц, аиурист хаҿқәа, анаплакыҩцәа, ауааԥсыра рҿы аҭаҩратә приборқәа рыҟазааразы актуалтә база аԥҵаразы.

Ари заҭаху апрограмма анагӡаразы иаҭаху ахарџьқәа реилкааразоуп ҳәа лҳәоит лара.

"Раионцыԥхьаӡа еихшатәуп. Мызк ҳамоуп "Афымцамчҭира" аусура ахырхарҭақәа рганахьала аинформациатә базақәа актуализациа рзыҟаҳҵарц: аремонт, аныҟәгара, ареконструкциа, ахылаԥшра уҳәа ахырхарҭақәа зегьы рҿы", - ҳәа лҳәеит аминистр.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистри "Амшынеиқәафымцамч" анапхгареи, араионтә филиалқәа рнапхгаҩцәеи реилацәажәараан ирзааҭгылан Аԥсны аенергетика аусхк аҟны апроблемақәа. Аилацәажәара мҩаԥысит хәажәкыра 24 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0