Гагра лаҵарамзазтәи аԥсшьараз иреиӷьу ртоп-10 иақәшәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарк Ольденбургского
Парк Ольденбургского - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2021
Анапаҵаҩра
Атуристцәа еиҳа бзиа ибаны иалыркаауеит лаҵарамзатәи аԥсшьармшқәа раан иҭынчу аԥсшьара. Абри аганахь ала иреиӷьу ахырхарҭақәа ирыҵаркит 130 000-ҩык еиҳамкәа ауаа ахьынхо ақалақьқәа.

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Заанаҵы анхарҭаҭыԥқәа раҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU еиднакылеит лаҵарамзазтәи аныҳәамшқәа раан аԥсшьара ахьалыркаауа аҭыԥқәа рреитинг.

Гагра лаҵарамзазтәи аԥсшьараз иреиӷьу ртоп-10 иақәшәеит.

Амаҵзура адыррақәа рыла атуристцәа 1-12 уахы-ҽны рыԥсы ршьоит, 400-9000 мааҭ рҟынӡагьы аныхра иақәшаҳаҭуп у-ҽ рыла. Зегь раасҭа ахәԥсақәа мариоуп Дедеркои, еиҳа иҳаракуп – Аскат.

2021 шықәса лаҵарамзатәи аԥсшьарақәа рзы иалкаау аҭыԥқәа:

  • Дедеркои – 400 мааҭ/4 у-ҽ *
  • Гагра – 1197 мааҭ/12 у-ҽ.
  • Домодедово – 2000 мааҭ/1 у-ҽ.
  • Андреаполь – 2800 мааҭ/5 у-ҽ.
  • Багратионовск – 2900 мааҭ/4 у-ҽ.
  • Мисхор – 2948 мааҭ/7,5 у-ҽ.
  • Ильински – 6000 мааҭ/2 у-ҽ.
  • Абзаково – 6193 мааҭ/3,5 у-ҽ.
  • Выборг – 6750 мааҭ/1 у-ҽ.
  • Аскат – 9000 мааҭ/4 у-ҽ.

*Аотельқәа рҿы у-ҽ. абжьаратә хәыԥса.

Ажәабжьқәа зегьы
0