Аԥсны ҭагалантәии ааԥынтәии арранаԥхьара аплан нагӡам

© Sputnik / Илона ХварцкияВоенный призыв
Военный призыв  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа ихантәаҩрала аусбарҭаҿы имҩаԥгаз аизараҟны 2020 шықәсазы арранаԥхьара шымҩаԥысыз азы аихшьаалақәа ҟарҵеит.

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥсны арратә мчқәа рҿы ҭагалантәии ааԥынтәии арранаԥхьара аплан нагӡам ҳәа иҳәеит арратә комиссариат аҩбатәи аҟәша аиҳабы Ерик Адлеиба. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура "Аԥсныпресс".

Владимир Ануа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Арадио
Ануа Аԥсны архәҭақәа ргәаҭара алҵшәазы: ҳамч зқәымхо ҳәа акгьы ҳамбеит

Иара иажәақәа рыла аплан анамыгӡара еиуеиԥшым амзызқәа амоуп. Адлеиба иажәақәа рыла џьоукы аррамаҵзура рҽацәхьаркуеит, џьоукы уи ргәамбзиара иалнаршом.

Иҟоуп Аԥсны анҭыҵ аҵара зҵо астудентцәа рганахь ала апроблема. Дара ианаамҭо аҵара ахьырҵо аҟынтәи аршаҳаҭгақәа аарышьҭуам. Убри аан аԥснытәи аҵараиурҭақәа рҿы латәарада аҵара зҵо астудентцәагьы аррамаҵзура рҽацәхьаркуеит. Анырра ҟанаҵеит акоронаиврустә апандемиа.

Адлеиба иҳәоит араионқәеи ақыҭақәеи рхадарақәа рҿы аусура рӷәӷәатәуп ҳәа.

"Агәабзиарахьчара аминистрраҿы акомиссиа ахысра хра аманы еиҿкаатәуп. Асеиԥш алшара ахьыҟам араионқәа рҿы иазыԥхьагәаҭатәуп аҭыԥ ахь амедицинатә комиссиақәа рнеира", - ҳәа Адлеиба иажәақәа аанагоит "Аԥсныпресс".

Аминистр Владимир Ануа адҵа ҟаиҵеит арра иацәыбнало рганахь ала ауснагӡатәқәа рыдыркыларц, алеишәатәи ашьауӷатәи ҭакԥхықәра иаҵадыргыларц, акомиссариатқәа русура дырӷәӷәарц, азинхьчаратә усбарҭақәа еиҳа ари аусура иаладырхәырц.

Аилатәара аихшьаалақәа рыла 2021 шықәсазтәи аплан шьақәырӷәӷәан.

Ажәабжьқәа зегьы
0