Амилициа Ҷлоу ақыҭан аҭыԥ змаз атҟәацра зыхҟьаз ҭырҵаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГАИ милиция
ГАИ милиция - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Анапаҵаҩра
Зықәрахь инеихьаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 25, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан иҟалаз атҟәацра иахҟьаны.

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амилициа аусзуҩцәа аԥсыҭбара зцыз, Ҷлоу ақыҭан аҭыԥ змаз, атҟәацра зыхҟьаз ҭырҵаауеит ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Бадра Аиба.

Иара убасгьы иҳәеит макьаназы Ҷлоу ақыҭа ауаҩԥсы Андреи Џьопуа иҩны ааигәара иусқәа данырҿыз иҵаԥжәаз артҟәацга зеиԥшхку.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иҳәеит хәажәкыра 25 рзы Очамчыра араион амилициа аҟәшахьы аҭел ишасыз ашьыжь асааҭ 8:15 рзы араионтә хәышәтәырҭахь Ҷлоу ақыҭа инхоз, 1940 шықәсазы ииз, Андреи Џьопуа иԥсыбаҩ ааргеит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0