Азанааҭ уманы ашкол уаналго: Гагратәи ашкол аҟны ахәыҷқәа аџьаус шрыларааӡо

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАџьаус аурок Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны
Аџьаус аурок Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Анапаҵаҩра
Апандемиа иацыз аԥкрақәа анырра шыҟарҵазгьы, цәыббра инаркны иахьа уажәраанӡа Гагратәи абжьаратә школ №1 аџьаус арҵаҩы Ахра Бебиа илшаз рацәоуп ахәыҷқәа ари амаҭәар ахь агәыбылра рылааӡаразы. Уи ирҵаҩраҿы имоу аихьӡарақәа ртәы Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.

Ахра Бебиа илшаз рацәоуп ахәыҷқәа аџьаус амаҭәар ахь агәыбылра рылааӡаразы. Атеориа дырҵареи, шәкы инеиҳаны аргыларатә маругақәеи аидырҭәалагеи (сварка) рнапаҟны аагареи, аихеи, амҿи, афымцеи аус арыдулашьа дырбареи уҳәа ирацәаӡоуп аҷкәынцәа ирызнеигахьоу.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гагратәи абжьаратә школ №1 аџьаус арҵаҩы Ахра Бебиа ари азанааҭ дазҟазацәҟьоуп. Иара Харьковтәи аполитехникатә институт амашьынаргыларатә факультет доушьҭымҭоуп. Убри азоуп хыԥхьаӡара рацәала аргыларатә маругақәа инапаҟны изааиуа. Аурок аҟны арҵаҩы ихы иаирхәоит иахьатәи ҳаамҭа иашьашәалоу лабҿабатәи ацхыраагӡақәагьы. Аџьаус акабинет еиқәыршәоуп иахәҭоу амаҭәахәқәа рыла. Араҟа иуԥылоит шәкы инеиҳаны амҿи, аихеи, афымцатә маҭәахәқәеи аус рыдуларазы амаругақәа. Иаҳҳәозар, амҿтәи ахыгатәи уасҭага, апарпанта, ахьархь, ажьаҳәа, арыҭәа, ашьалашьын, аҵәымӷ, абру, ашәагацаха, арҵәига, афымцатә еидырҭәалага, акылҵәага. Еиқәыршәоуп ахьчагатә сабрадақәа рыла. Аурок цонаҵы арҵаҩи аҵаҩцәеи аргыларатә ԥыраҳәақәа ныҟәыргоит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАџьаус аурок Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны
Азанааҭ уманы ашкол уаналго: Гагратәи ашкол аҟны ахәыҷқәа аџьаус шрыларааӡо - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Аџьаус аурок Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны

"Аџьаус амаҭәар абас аинтерес аҵаны ари ашкол аҟны имҩаԥаҳамгеижьҭеи акрааҵуан. Аинвестпрограмма инақәыршәаны ҳашкол маҭәахәылагьы ианеиқәдыршәоз аџьаус акабинетгьы ишахәҭаз еибыҭан. Ахәыҷқәа гәахәарыла аурок ахь иааиуеит. Атеориа иазԥҵәоу аамҭа ашьҭахь апрактикахь ҳаиасуеит. Иҳамоуп алшара авидеонҵамҭақәа дырбара, убас амаругақәа рнапаҟны инаганы амаҭәарқәа реибыҭара. Ахәыҷқәа сылаԥш шырхугьы, иҟалар алшоит аӡәы машәыршәа инапы ԥиҟаргьы. Убри аҭагылазаашьазгьы иццаку ацхыраара аиҭаразы амедицинатә маҭәашьарқәа рыла ҳаиқәшәоуп", - иҳәоит аџьаус арҵаҩы Ахра Бебиа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАхра Бебиа
Азанааҭ уманы ашкол уаналго: Гагратәи ашкол аҟны ахәыҷқәа аџьаус шрыларааӡо - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Ахра Бебиа

Апандемиа аԥырхага рынаҭазаргьы, аамҭа кьаҿ иалагӡаны арҵаҩы ицхыраарала ахәыҷқәа ашкол азы аҟәардәқәа фба ҟарҵахьеит.

"Сара бзиа избоит ари амаҭәар, избанзар ашкол салгаанӡа исҵаша рацәахоит. Иансызҳалак, даҽа занааҭк алсхыргьы, аҩны исыхәоит. Аишәа ма аҟәардә ҟасҵар сылшоит, афымцатә цәаҳәақәа блыр, исыԥсахуеит", - иҳәоит афбатәи акласс аҵаҩы Инал Сыҷынаа.

Ииашаҵәҟьаны, аџьаус арҵаҩы Ахра Бебиа иазгәеиҭеит, ахәыҷқәа ашкол иалгаанӡа занааҭк аҳасабала амҿи, аихеи, афымцеи аус арыдулара рҵарц шрылшо.

"Ари аԥсҭазаараҟны зегьы профессорцәахаӡом. Аӡәы дуасҭахароуп, ҽаӡәы дыргылаҩхароуп, егьи афымцазҟазара илҵроуп. Убри аҟнытә аџьаус аурок аҿы ироуа адыррақәеи аԥышәеи наҟ-наҟ ицхыраагӡахоит. Иахьа афымцатә лашарбагагьы зхала иззымԥсахуа ахаҵагьы дубап. Ажәакала, аџьа ауаҩы дааӡоит", - иажәа иациҵоит арҵаҩы.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАџьаус аурок Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны
Азанааҭ уманы ашкол уаналго: Гагратәи ашкол аҟны ахәыҷқәа аџьаус шрыларааӡо - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Аџьаус аурок Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны

Иҟоуп аҷкәынцәа амҿаҟны амашьынақәеи абџьари ҭаԥызҟҟо. Ахра Бебиа иаликааит аџьаус амаҭәар еиҳа изықәҿиауа аҷкәынцәа, урҭ иреиуоуп афбатәи акласс аҵаҩцәа Инал Сыҷынаа, Иасон Ҳагба, Миха Занҭариа, Арсоу Кәакәасқьыр, Асҭамыр Џьакониа, ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа Нарҭ Кьахьыриԥеи Алан Булиеи.

"Аџьаус аурок амҩаԥгара акәамаҵамақәа рацәаӡаны иамоуп. Ахәыҷқәа аус здырулаша амҿтәы ма аихатәы маҭәахәқәа рыхәҭаҷқәа заанаҵы еиқәыршәатәуп. Абраҟа даара дсыцхраауеит ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа. Лара иҳагхо маҭәахәык ма маругак ҟалар, иҳауаанӡа лгәы ҭынчӡам. Исывагылоуп анхамҩа-бзазаратә ҟәша аусзуҩцәа Денис Гәлариа, Ҭамаз Папба, абаҩрҵәыра арҵаҩы Раџь Ҳаџьымба. Иҭабуп ҳәа иасҳәоит убас зуасҭарҭаҟнытә амҿтәы хәҭаҷқәа ҳазҭо ҳҩыза Ҭемыр Ажьиба", - ҳәа инаҵишьит Ахра Бебиа.

Мчыбжьык аџьаус амаҭәар иазԥҵәоуп 12 сааҭ. Ари аурок рымоуп ахәбатәи инаркны ажәеизатәи налаҵаны аклассқәа. Аҷкәынцәа Ахра Бебиа иакәзар аус рыдызуло, аӡӷабцәа рҵаҩыс дрымоуп Ирма Агрԥҳа. Даргьы акарантин акырӡа ирԥырхагахеит. Аха уеизгьы рнапаҟны агәыри арахәыци ааргеит. Акьанџьақәа рзы амаҭәа хәыҷқәа рӡахуеит. Уажәы арҵаҩы ақәҵашьа длырбоит. Раԥхьаҟа ишьҭоуп аԥашьеи афатә аҟаҵашьеи рҵара. Аӡӷабцәа рыкласс еиқәыршәоуп аӡахыга машьынкақәа рыла, ирымоуп агәыр, арахәыц, амаркатыл уҳәа анапҟазараҿы зда ихәарҭам амаругақәа.

"Хара имгакәа ҳашкол иазхаша аҩнымаҭәеи ашколтә формеи ҳнапы иҵаҳхыртә еиԥш иҟалоит", - ҳәа илафуеит аџьаус арҵаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0