Ақәоурақәа Бедиа ду иахыкәшо амҩа аҟаҵаразы аусурақәа ирԥырхагахеит

© SputnikУкладка дорожного полотна
Укладка дорожного полотна - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Анапаҵаҩра
Аӡиас Ахәаџьа арыӷьарахьтәи аԥан иавакны ацҳаи 400 метра инеиуа ахыкәшарҭатә мҩеи ҟарҵараны иҟоуп Бедиа ду ақыҭаҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik. Ақәоурақәа Бедиа ду иахыкәшо амҩа аҟаҵаразы аусурақәа ирԥырхагахеит ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор Руслан Тәанба.

"Ахыкәшарҭатә мҩа аҟаҵаразы иаҭахны иҟоу ацҳақәа, абетон, аметалл, зегь хианы ишьҭоуп. Амҩа бульдозерла ирыцқьоуп. Аха аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҟаз ақәоурақәа атехника аусура иаԥырхагахеит. Ҩымш-хымш амра ԥханы адгьыл ԥшшар, ҳусура иацаҳҵоит. Аусурақәа рымҩаԥгаразы иахәҭаны ишьақәыргылоу аԥара азоужьуп", - иҳәеит иара.

Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа дуи, Агәы-Бедиеи, Бедиеи. Кристина Озган жәабран 16 рзы Бедиа ду днеит.

Начаты работы по строительству моста и объездного участка дороги - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2021
Бедиа ду ақыҭаҿы ацҳаи уакәшаны узланеиуа амҩеи ҟарҵараны иҟоуп

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аԥсны Акапиталтә ргылараз аусбарҭеи Агеологиеи, агеодезиеи, акартографиеи русбарҭеи рнапы ианылҵеит Тҟәарчал адгьылҳәазара урыстәылатәи аҟазауаа радрыԥхьалара азҵаара аус адыруларц.

Иара убасгьы Кристина Озган "Аҟәарахьчара" аиҳабы инапы ианылҵеит Бедиеи Тҟәарчали рыбжьара аамҭалатәи асхемала аимадараз ажәадгалақәа азырхиазарц.

Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын 60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0