Аԥсны амилициа аусҭҵаара мҩаԥнагоит асоциалтә ҳақәа рҿы аҭыԥ змаз ахҭыс аганахь ала

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПриложение Clubhouse на экране смартфона.
Приложение Clubhouse на экране смартфона. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 27 рзы асоциалтә ҳа Instagram аҿы 19 шықәса зхыҵуа Алиона Ҭаниаԥҳа авидео ықәлыргылеит.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аԥсны амилициа аусҭҵаара мҩаԥнагоит асоциалтә ҳақәа рҿы аҭыԥ змаз ахҭыс – аҭыԥантәи аҭыԥҳа "Аԥсны Қырҭтәылоуп" ҳәа ахьылҳәо авидеоролик аганахь ала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Авидеоролик анрылаҵәа ашьҭахь азинхьчаратә усбарҭақәа рахь ареспублика ауааԥсыра адыррақәа ҟарҵо иалагеит. Аролик ҭазҵаз 2001 шықәса рзы ииз Алиона Ҭаниаԥҳа лҿахәҿыхраан илҳәеит аролик ҭалҵарц ишлыҳәаз. Иҟалаз лгәы иалоуп.

Азинҭҵааратә усбарҭақәа рахь инаԥхьан лҭаацәа. Лаб иажәақәа рыла аибашьра зегьы дахысит, иԥҳа иҟалҵаз шизеилымкаауа.

Аԥсны ААР иара убасгьы иаанацҳауеит егьырҭ асоциалтә ҳақәа рҿы ишаларҵәаз амилициа аусзуҩ иформа зшәыз аҿар рфотосахьақәа. Еилкаахеит дара рҩыза, уаанӡатәи азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩ лформа рышәҵаны рфотоқәа шҭырхуаз еиуеиԥшым аамҭақәа рзы.

Арҭ ахаҿқәа зегьы иахьа ишьақәыргылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0