Аԥсны акоронавирус иаҿагылан иқәԥоз амедусзуҩцәа ԥсшьара ирышьҭуеит

© Foto / Кабинет министров Республики Абхазия Исполняющего обязанности Премьер-министра Республики Абхазия Владимира Делба состоялось совещание с членами Правительства и руководством Фонда социального страхования
Исполняющего обязанности Премьер-министра Республики Абхазия Владимира Делба состоялось совещание с членами Правительства и руководством Фонда социального страхования - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи акоронавирустә хҭыс аҭыԥ аман 2020 шықәса мшаԥы 7 рзы. Абри аамҭала 13385-ҩык COVID-19 рыдбалан.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Владимир Делба аиҳабыра реилатәара мҩаԥигеит асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд анапхгара алархәны. Аилатәараҿы иалацәажәан акоронавирус иаҿагыланы иқәԥоз амедусзуҩцәа асоциалтә цхыраара рыҭара азҵаара. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Делба иазгәеиҭеит COVID-19 иаҿагыланы ақәԥара шыуадаҩыз, амедусзуҩцәа рлагала акыр ишдуу.

© Foto / Кабинет министров Республики Абхазия Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Владимир Делба аиҳабыра реилатәара мҩаԥигеит
Аԥсны акоронавирус иаҿагылан иқәԥоз амедусзуҩцәа ԥсшьара ирышьҭуеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Владимир Делба аиҳабыра реилатәара мҩаԥигеит

"Раԥхьа иргыланы ҭабуп ҳәа расҳәоит зхы-зыԥсы иамеигӡакәа зус назыгӡоз амедусзуҩцәа", - иҳәеит Делба.

Иара иҳәеит амедусзуҩцәа рыбжьараҿгьы ачымазара шыҟаз, уажәы урҭ ареабилитациа рахыжьразы ацхыраара шыҟаҵатәу.

Делба анапынҵа ҟаиҵеит амедусзуҩцәа ркатегориақәак Урыстәылеи Аԥсни рсанатор-курорттә хәышәтәра рахыжьразы ажәалагалақәа азырхиазарц.

Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд анапхгаҩы Бакур Бебиа Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Владимир Делба ажәа ииҭеит хара имгакәа Агәабзиарахьчара аминистрра ажәадгалала Афонд ишеиҿнакаауа амедусзуҩцәа рзы асанатор-курорттә хәышәтәра.

Линия розлива инъекционных препаратов шприц-доза вакцины ЭпиВакКорона - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2021
COVID-19 аҟынтәи алаҵа актәи апартиа Аԥсныҟа иаауеит хәажәкыра анҵәамҭазы

Аилацәажәараҿы иазааҭгылан иара убасгьы ашықәс аҩныҵҟа акоронавирус иаҿагыланы ақәԥара аихшьаалақәа.

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны аҩныҵҟа 13385 акоронавирус хҭыс ашәҟәы ишҭагалаз, ичмазаҩхаз рҟынтәи 96 процент ргәы бзиахеит, рыԥсҭазаара иалҵит - 212. Абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны 200 миллион мааҭ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҭахрақәа ирықәхарџьын ҳәа иҳәоит иара. 180 медусзуҩцәа уахи-ҽни ачымазцәа рыхәышәтәра иаҿын, иаартын 500 иара COVID-19 зыхьуа рзы.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз иҳәан аепидемиологиатә ҭахрақәа рықәныҟәареи ахылаԥшра иашеи ишалдыршаз аԥкырақәа рырԥсыҽраз атәыла ахада иахь ажәадгала аҟаҵара. Иара убри аамҭазы иахьагьы ахыхьчаратә уснагӡатәқәа гәыгәҭажьтәым.

Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Владимир Делба аиҳабыра реилатәара мҩаԥигеит асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд анапхгара алархәны.

Аиԥылара иалахәын иара убасгьы аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьопуа, Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа, Аминистрцәа реилазаара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәулиа, Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд ахантәаҩы Бакур Бебиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0