Урыстәылатәи аԥшыхәыҩцәа Аԥсны ахысрақәа мҩаԥыргеит

© Foto / пресс-служба ЮВОВоеннослужащие разведывательных подразделений Южного военного округа освоили новые методы стрельбы
Военнослужащие разведывательных подразделений Южного военного округа освоили новые методы стрельбы - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа рыԥшыхәратә ҟәшақәа рҽазыҟаҵаратә программа еиҳа-еиҳа иаларгалоит еиуеиԥшым аусдҵақәа, аибашьратә ҭагылазаашьақәа рԥышәа иаҿырԥшны.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аруаа рыԥшыхәыҩцәа Аԥсны ахысрақәа мҩаԥыргеит, ахысшьа аметод ҿыцқәа рҵеит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Апрактикатә хысра иазырхоу атир аҿы аԥшыхәыҩцәа иҷыдоу ахысра-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон – аӷба ма ашхәа рҟынтәи ахысра аҭагылазаашьа аазырԥшуа ацәҟьарақәа ирықәкны.

Аруаа ацәҟьарақәа ирықәдыршәон 25-100 метра инахараны иҟаз аҭыԥ аҟынтәи, автомат АК-74М, Макаров итапанча рыла. Иара убасгьы аус адырулеит иуадаҩу ақалақьтә ҭыԥҭшәарақәа, аҿҟьараҭыԥқәа рҿы анеиҭаҵааиҭаҵшьа.

Аладатәи арратә округ аҿы иазгәарҭеит аҽазыҟаҵаратә программа ишалахәыз аокруг аԥшыхәратә ҟәшақәа. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа рыԥшыхәратә ҟәшақәа рҽазыҟаҵаратә программа еиҳа-еиҳа иаларгалоит еиуеиԥшым аусдҵақәа, аибашьратә ҭагылазаашьақәа рԥышәа иаҿырԥшны.

Ажәабжьқәа зегьы
0