Ахра Аҩӡба аҽа мызкы ибаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСудебное заседание по делу Ахры Авиздба
Судебное заседание по делу Ахры Авиздба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2021
Анапаҵаҩра
Ахра Аҩӡбеи уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара амҩаԥгара далахәуп ҳәа ахара ихарарҵоит.

АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә еизара Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа ибаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит ҳәа аадыцҳауеит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2021
Аӡбарҭа Ахра Аҩӡба дзыхьчоз хҩык рырбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит

Апрокурор Адгур Амҷба аҳәамҭа ҟаиҵеит аус аганахь ала аҭҵаарақәа хыркәшоуп, аха макьаназтәи ибаандаҩра аҿҳәараҟынӡа (мшаԥы 5) ашьаус аматериалқәа зегьы рыҭҵаара мҩаԥганы аӡбарҭахь рынашьҭра залшом ҳәа. Убри азы Апрокуратура хада азыҳәа ҟанаҵеит аамҭа аҿҳәара инахазарц.

Адукат Инга Габилаиаԥҳа апрокурор диқәшаҳаҭымхеит, иагьазгәалҭеит аусҭҵааратә уснагӡатәқәа рзы иазхоз аамҭа шыҟаз.

Лара лажәақәа рыла хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбра аднакылеит аусҭҵаараз мызк азхоит ҳәа, Апрокуратура хадагьы, уи мап ацәнамкит ҳәа лҳәоит лара.

Уи адагьы ауаҩы ирбаандаҩразы еиҳа амзызқәа аҭахны иҟоуп, иаҳҳәап абналара алшара, ацәгьоурақәа рыцҵара, апроцесс алахәылацәа ашәарҭара рҭаргылара, ашаҳаҭцәа рықәыӷәӷәара – арҭ акгьы Аҩӡба иҟаиҵом ҳәа лҳәеит Габилаиаԥҳа.

Аӡбаҩ Инар Кәарҷиа ихантәаҩрала аӡбацәа Ахра Аҩӡба ихы дақәиҭтәхар дыбналар ма аусҭҵаара даԥырхагахар алшоит.

Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ашьаус хацыркын уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы – мшаԥы 5 рҟынӡа ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит.

Мшаԥы 1 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Станислав Культа, Андреи Локтионов, Аслан Гуатижев рырбаандаҩратә ҿҳәара аҽа мызкы ацнаҵеит, 2021 шықәса лаҵара 4 аҟынӡа. Убри аан аус аҽа лахәылак – Талех Гасанов иганахь ала Апрокуратура хада азыҳәа иақәшаҳаҭымхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0