Игор Адлеиба "Апрофессионалтә бокс ахәылԥаз" аҟны индаҭло далкаауп

© Foto / Screenshot: Данилкин ДмитрийИгорь Адлейба во время боя
Игорь Адлейба во время боя - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Анапаҵаҩра
Игор Адлеиба мшаԥы 17 азы Екатеринбург имҩаԥысуа "Апрофессионалтә бокс ахәылԥаз" аҟны аилахәыра "RCC Boxing Promotions" ахьӡала аринг аҿы дицықәгылараны дыҟан Владикавказтәи аспортсмен Георги Челохсаев. Аха Челохсаев инапы ԥҵәеит, ақәгылара далахәхом.

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik, Бадри Есиава. Игор Адлеиба "Апрофессионалтә бокс ахәылԥаз" аҟны диндаҭлараны дыҟоуп Александр Абрамиан – Украина.

Бокс - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2021
Игор Адлеиба ицындаҭлоз инапы аԥҵәара иахҟьаны аринг ахь дызнеиуам

"Ҩеижәаҟа минуҭ раԥхьа еилкаахеит жәа-раундк иҟоу ақәгылара хадаҿы сышиндаҭло Александр Абрамиан. Иқәгылашьақәа збахьеит, издыруеит. WBC Азиа ачемпионс дыҟоуп, акыргьы дыӷәӷәоуп. Иуҳәар ҟалоит аринг аҿы ихымҩаԥгашьала Георги Челохсаев диеԥшуп ҳәа", - иҳәоит Адлеиба.

Аспортсмен иазгәеиҭеит аиааира игар иреитинг анырра шанаҭо. Аҽазыҟаҵарақәа дырҿуп, икапангьы иагирхараны дыҟоуп.

"Акапан аларҟәра даара амаршәа укыроуп. Адиета ныҟәызгон, ишахәҭаз еиԥш аԥҟарақәа срықәныҟәон", - иҳәеит иара.

Александр Абрамиан украинатәи ақалақь Днипро датәуп, апрофессионалтә ринг аҿы фы-қәгыларак рҟынтәи хәынтә даиааихьеит. Ҩба рҿы аиааира игеит нокаутла.

Игор Адлеиба - WBO аверсиала аҿар рыбжьара адунеи ачемпион, Аԥсны изныкымкуа ачемпион, Урыстәылатәи Афедерациаҿы жәларбжьаратәи атурнирқәа риааиҩ, кикбоксинг (фул контакт) азы адунеи Ахраҿа занашьоу, Урыстәыла аспорт азҟазарахь акандидат. Адлеиба апрофессионалтә ринг аҿы зныкгьы даҵамхакәа 11 қәгылара мҩаԥигахьеит, ԥшьба рҿы нокаутла даиааиит.

Ажәабжьқәа зегьы
0