Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә ҩымчыбжь рышьҭахь иқәыргылахоит

© Foto / Facebook/Администрация города СухумФонтан на площади Багапша
Фонтан на площади Багапша - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2021
Анапаҵаҩра
Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә ақәыргылараз аусурақәа ирылагеит ажьырныҳәамзазы. Аусурақәа мҩаԥнагоит Аҟәа ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара".

АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аусурақәа хыркәшаны аӡыршә ҩымчыбжь рышьҭахь иқәыргылахоит. Абри атәы аанацҳауеит Facebook аҿтәи ақалақь ахадара адаҟьа.

Аҟәа ахада Беслан Ешбеи ихаҭыԥуааи аусурақәа шымҩаԥысуа рбеит.

Госкомиссия отобрала три работы конкурса на создание памятника Сергею Багапш - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2021
Аҳәынҭкомиссиа Сергеи Багаԥшь ибаҟа аԥҵаразы аусумҭақәа хԥа алнакааит

Убри аан ирҳәеит аӡыршә аамҭалатәхар шауа. Иара анықәдыргыла ашьҭахь Сергеи Багаԥшь ибаҟа аԥҵаразы имҩаԥысуа аицлабраҿы аӡыршә ахьазԥхьагәаҭам апроект аиааира агар иқәгахар алшоит.

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рзы аицлабра аартын 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы. Азыҳәақәа рыдкылара хыркәшан 2020 шықәса ԥхынҷкәын 10 рзы.

Арзаҳалқәа рыдкылара анхыркәшаха ашьҭахь иаарту аиндаҭлара амҩаԥгаразы аусутә гәыԥ анапы ианҵан 2021 шықәса ажьырныҳәа 25 рзы апроекттә усурақәа рыдкылара хдыркәшарц.

Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭкомиссиа хәажәкыра 3 рзы реилатәараҿы х-проектк алыркааит жәаба рҟынтәи. Урҭ аҩбатәи атур ахь инеиит.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 рзы. 2005 шықәса рзы иара Аԥсны ахадас далхын, 2009 шықәсазы – деиҭалхын. Иԥсҭазаара далҵит лаҵара 29, 2011 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0