Барцыц Урыстәыла аиустициа аминистри иареи реицәажәарақәа дырзааҭгылеит

© Foto / Пресс-служба Президента РАБарциц Анри Львович
Барциц Анри Львович  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2021
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 12 рзы Москва имҩаԥысит Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыци Урыстәыла аиустициа аминистр Константин Чуиченкои реиԥылара.

АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Аҩ-тәылак руистициатә усбарҭақәа ирыгәҭакуп аусеицуреи ауснагӡатәқәеи есышықәсатәи рыплан анапаҵаҩра. Абри атәы арадио Sputnik аҟны далацәажәеит ареспублика аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Аминистр ишиҳәо ала аиԥылара ахәҭак азкын Аԥсны аелектрон-цифратә технологиақәа ралагалара азҵаара.

Работа за компьютером  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2021
Аԥсны ахатәнаплакыҩцәеи аиурист хаҿқәеи рзы иаку ашәҟәынҵа аԥҵоуп

"Ҳелектронтә лшарақәа ркоррелиациа аҭахуп Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа рзыҳәақәа рырмариарази рырццакрази. Ари аус аҿы заанаҵтәи аицәажәарақәа мҩаԥаагеит, иаҳҳәеит абри ахырхарҭала ҳусура шымҩаԥаагало", - иҳәеит Барцыц.

Аусбарҭа ахада иара убасгьы далацәажәеит, аелектронтә технологиақәа Аԥсны аӡбранагӡаҩцәа русурахь алагалара атәы ишазааҭгылаз. Хаҭала – Урыстәыла иҟоу анагӡаратә електронтә база аналог ала Аԥсынгьы аиҿкаара.

Барцыц иажәақәа рыла иколлега Константин Чуиченко ганрацәалатәи ацхыраара аҟаҵара дақәиргәыӷит.

Аиԥылараҿы иара убасгьы ирзааҭгылан аӡбаратә експертцәа рызҵаарагьы. Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит аԥснытәи асудекспертцәа рҟазара Урыстәыла иацырҵаларц аҭагылазаашьа рыҭара.

Анри Барцыц ишиҳәо ала аиԥылара иреиҳау храны ишьоит ҩ-ганктәи аусутә гәыԥ аԥҵара.

"Ҳара ҳаиқәшаҳаҭхеит Аԥсни Урыстәылеи риустициа аминистррақәа рыбжьара аусеицураз ауснагӡатәқәа рыплан-график еиҿаҳкаарц, еиҳа хра аманы аусурақәа рымҩаԥгаразы. Сгәы иаанагоит мызкы-ҩымз рыла аплан анапаҵаҩра азҳархиап ҳәа. Сколлега, апатын аминистр иажәақәа абас иҟан: «ҳара ирццаку аиааирақәа ҳҭахуп» ҳәа. Ииашаҵәҟьаны алҵшәақәа ҳарзыԥшуп", -  иҳәеит Барцыц.

Аиустициа аминистр иҳәеит Москва иҵегьы аиԥыларақәа мҩаԥигараны ишазыԥхьагәаҭо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0