Адлертәи арӡбарҭа аҳәаа иахысуаз Урыстәыла атәылауаҩ иганахьала аӡбамҭа аднакылеит

КПП Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2021
Анапаҵаҩра
Азинмчратә усбарҭақәа рыдҵа ақәымныҟәаразы ахараԥса ма 30 уахы-ҽны аҭакра мамзаргьы 120 сааҭ хымԥадатәи аусура азыԥхьагәаҭоуп.

АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны ахылаԥшра-гәаҭаратә уснагӡатәқәа анымҩаԥыргоз дааныркылеит аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысуаз Урыстәыла атәылауаҩ – амаҵзурауаа имашьына агәаҭара азин аныҟаимҵоз. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Контрабанда сигарет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2021
Аҳәаахьчаҩцәа асигареҭ аконтрабанда еиԥдырҟьеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы

Азинеилагаҩ 48 сааҭ даанкылан, административтә зинеилагара мҩаԥигеит ҳәа аматериалқәа реиҿкааразы амаҵзуратә уадахь днаган.

Ари атәылауаҩ иганахь ала Шәача ақалақь Адлертәи араионтә ӡбарҭа апроцессуалтә ӡбара– жәамш аҭакра аднакылеит.

Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аҳәынҭқарратә напынҵақәа рынагӡара анымҩаԥырго азин рымоуп иахәҭаны иҟоу адокументқәа ргәаҭара, атранспорт хархәагақәа реимдара, аамҭала ауааи атранспорти аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы рныҟәара аԥкра.

Ажәабжьқәа зегьы
0