Урыстәылатәи аруаа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоенные учения ЮВО
Военные учения ЮВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арратә ҟәшақәа аӡынразтәи рҵара-гәаҭаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. Амчыбжь анҵәамҭазы арратә база адырра ахәшьара ықәдыргылоит.

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Ҩ-нызқьҩык урыстәылатәи арратә база аруаа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы ахысрақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигонқәа Гәдоуҭеи Нагвалоуи. Ахысрақәа мҩаԥысуан автоматқәа АК-74, Калашников ипулемиотқәа РПК, агранатаршәгақәа РПГ-7, 120-мм згәыцә ыҟоу аминометқәа, БТР-82АМ уҳәа рхархәарала.

Аррамаҵзурауаа рнормативқәа нарыгӡеит атехникатә, атактика-ҷыдатә, абаҩырҵәыратә зыҟаҵарақәа рзы.

Ауснагӡатә иалахәын 500 ак арратә техника – атанкқәа Т-72Б3, акәылӡытранспортиорқәа БТР-82АМ, 152-мм згәыцә ыҟоу, зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәа "Акация".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0