Лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа рзы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аусура аграфик шьақәыргылоуп

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Анапаҵаҩра
Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа арегион аҿы лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа рзы аушьҭырҭатә ҭыԥқәа русура аграфик шьақәнаргылеит.

АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аҳазалхырҭатә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан еиԥҟьарада уахи-ҽни аус ауеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа.

2020 шықәса жьҭаара 1 азы Шәачатәи аҳазалхырҭа еиҭеиҿкааны Краснодартәи аҳазалхырҭа иадҵан. Асеиԥш аӡбра рыдкылан аҳазалхырҭатә усбарҭақәа реилазаара аиӷьтәреи еиҳа хра аманы русуреи рзы.

Шәачатәи аҳазалхырҭа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ԥшьба: Шәачатәи ихадоу, Шәача аҳаирбаӷәаза, адәыӷбаангыларҭа "Адлер", аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" рҭыӡҭыԥ еиҭамкыкәа Краснодартәи аҳазалхырҭа иадҵан.

Убри аан, аҳазалхратә операциақәеи аҳазалхратә хылаԥшреи рымҩаԥгара ирыдҳәало административтә напынҵақәа Краснодартәи аҳазалхырҭа анапаҵаҟахь ииаган.

ТАСС аинтервиу аҭо Аслан Бжьаниа иҳәеит 2022 шықәса нҵәаанӡа аҟазауаа Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аушьҭратә лшара аизырҳара апроект аздырхиоит ҳәа. Ари азҵаара шьҭыхын Шәача Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылараан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0