"Спутник V" актәи апартиа Аԥсныҟа иаагоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПервая партия вакцины Sputnik V в Абхазии
Первая партия вакцины Sputnik V в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара иалагоит лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа рышьҭахь, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" пактәи апартиа Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 ауха.

"Алаҵаҟаҵара мҩаԥгахоит Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы. Араионтә хәышәтәырҭақәа алаҵа ҟазҵар зҭаху рсиа шьақәыргылан инанашьҭроуп, абри ашьҭахь ауп аконтеинер ҷыдақәа ирҭаҵаны алаҵа анроуа. Алаҵа аҟаҵара ҟалоит атерапевт иҟынтә азин умазар. Раԥхьа иргыланы алаҵа рзыҟарҵоит ачымазара змыхьыц", - иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәаразы аҟәша аиҳабы Ахра Аџьба.

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ишиҳәаз ала алаҵаҟаҵара ишалаго азы адҵа анапы аҵаҩхоит. Алаҵаҟаҵараҿы аԥыжәара рыҭоуп амедицинатә усзуҩцәа, анаҩс – арҵаҩцәа, абиуџьет усхки азинмчратә структурақәеи русзуҩцәа, алаҵаҟаҵаразы ԥынгыла змам атәылауаа.

Анаҩстәи апартиа аашьҭра алаҵаҟаҵара актәи ахәҭа шымҩаԥысуа иаҿырԥшхоит, иҳәеит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0